Гагра амшын иагаз ауаа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп

© Sputnik Шторм на море
Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Гагра ҩыџьа ауаа амшын иагеит жьҭаара 14 аҽны, аԥсыбаҩқәа Гагратәи ахәышәтәырҭа аԥсыкҿаҵарҭахь инаган.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Жьҭаара 14 рзы Гагра амшын иагаз ауаа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Иӡааҟәрылаз Липецк инхоз, 1957 шықәсазы ииз Иури Золотарев, 1953 шықәсазы ииз Галина Стоиакина роуп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, дара амшын аҿы рҽыркәабон амшын аисра быжь-баллк ианыҟаз.
Жьҭаара 14 аҽны аԥсыбаҩқәа Гагратәи ахәшәтәырҭа аԥсыкҿаҵарҭахь инаган.
Ажәабжьқәа зегьы
0