Аиндаҭлара Стенин-2021 аҿы Гран-при еиҩыршеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҟынтәи арепортиорцәа

© Foto / Luis Tato, StenincontestСнимок "Нашествие саранчи" испанского фотографа Луиса Тато, победивший в категории "Моя Планета, серии" конкурса имени Стенина
Снимок Нашествие саранчи испанского фотографа Луиса Тато, победивший в категории Моя Планета, серии конкурса имени Стенина - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп, афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭара, ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.
2021 шықәсазы аиндаҭлара аԥхьахә хада ҩ-усумҭак еицроуит: Петербургтәи афотоҭыхыҩ Мариа Гельман лҭыхымҭақәа рсериа "М+Т", Ҭырқәтәылатәи афотоҭыхыҩ Шебнем Кошкун лҭыхымҭа "Аӡаҵатә дунеи ашәарҭара ҿыц: COVID-19 ацрыҵқәа".
© Foto / Maria Gelman, StenincontestПетербургтәи афотоҭыхыҩ Мариа Гельман лҭыхымҭақәа рсериа "М+Т"
Снимок М+Т российского фотографа Марии Гельман, получивший гран-при конкурса имени Стенина - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Петербургтәи афотоҭыхыҩ Мариа Гельман лҭыхымҭақәа рсериа "М+Т"
Гран-прии абӷьыц-кьаҿ аԥхьахәқәеи зауз рылаҳәан онлаин-церемониаҿ амедиагәыԥ "Россия сегодня" амультимедиатә пресс-центр аҿы.
2021 шықәсазтәи аиндаҭлара далацәажәо МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев иазгәеиҭеит: "Афотоусумҭа — ари акыр иҵабыргхаҭоу, иконсервативтәу ҟазароуп. Асахьа ҟауҵарц азы афырхаҵа уааигәа дыҟазароуп. Уи аибашьраҿ, аимак аҿы акәхар ҟалоит. Убас адунеи ашәарҭаратә ҭыԥқәа зегьы рҿы дыҟан Андреи Стенингьы" ҳәа.
Гран-при занашьоу аусумҭақәа аҭоурых ду еиҭарҳәоит.
Асериа "М+Т" - синдром Дауна змоу, ибыргхахьоу, асоциалтә қыҭа "Светлана" аҿы инхо ахаҵеи аԥҳәыси рыбзиабара иазкуп. Мариа Гельман Ленинградтәи аобласт аҿы иҭылхыз ари аусумҭаҿы ихадароу аидеиа абзиабара шҳәаадоу ауп.
Аиндаҭлара лалахәхара атәы ҳәо автор иазгәалҭеит : " Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара алахәхара сара сзы ауаа асоциалтә тема радыԥхьалароуп иззырхо. Есышықәса сусумҭақәа арахь иаасышьҭуеит, избанзар ара иуҳәарц иуҭаху ахьуҳәаша ҭыԥуп" ҳәа.
Гран-при -2021 ианашьахеит иара убасгьы Ҭырқәтәылатәи афотоҭыхыҩ Шебнем Кошкун лҭыхымҭа "Аӡаҵатә дунеи ашәарҭара ҿыц: COVID-19 ацрыҵқәа" азы: афридаивер Шахика Ерџьиумен, ООН аҿиара апрограмма алахәыла, аӡаҵаҟатәи аԥсабарахьчаҩ Босфор аҵахь лылбаара иазкуп.
© Foto / Sharafat Ali, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
1/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Chang Xu, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
2/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Darya Isayeva, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
3/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Mouneb Taim, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
4/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Chandan Khanna, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
5/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Joshua Irwandi, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
6/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

© Foto / Luis Tato, Stenincontest

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит. - Sputnik Аҧсны
7/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

1/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

2/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

3/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

4/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

5/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

6/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

7/7

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлараҿ Гран-при зауз рыхьӡ рыларҳәеит.

"Сара исхықәкын сгәаанагара аҳәара, иҟоу апроблема аарԥшра. Акыршықәса ҵуеит амшынқәа апластика иахьаҟьышьуа атема салацәажәоижьҭеи. Апандемиа ҟалаанӡагьы апластик аиааира уадаҩхахьан. Афотосахьа ҭыхуп Босфор аҿы. Уа иаакәыршаны агәамсам ыҟан" лҳәоит лара.
Онлаин-церемониаҿ иара убасгьы ирылаҳәан аԥхьахәқәа зауыз рыхьыӡқәа.
Ажиури алахәыла Рут Аиххорн (Германиа), ихьыԥшым акуратор, афоторедактор, анемец ҭыжьымҭа "ГЕО" (GEO) афотодиректор абас лҳәоит:
"2021 шықәса аҭоурых аҿы иуникалу аамҭан. Афотоҭыхыҩцәа ирымамызт алшара иахьырҭаху ишырҭаху ацара, рыпроектқәа рылгара ма ралагара. Рацәаӡак сақәгәыӷуамызт аха аԥхьатәи аусумҭақәа сгәы шьҭырхит. Абиԥарацыԥхьаӡа ирҳәаша рымоуп. Афотосахьа ҳаамҭаз иуниверсалу бызшәоуп, аиҭагарагьы аҭахым" ҳәа.
Аноминациа "Ажәабжь хадақәа" аҿы актәи аҭыԥ ргеит коронавирус апандемиа иагаз ирызку Индонезиатәи афотожурналист Џьошуа Ируанди иусумҭа "COVID-19 ауаҩԥсытә хәыԥси" 2020 шықәса ааԥыни аԥхыни рзы ЕАА, Миннеаполис аҭыԥ змаз аҿагыларатә акциақәа ирызкыз индиатәи афотоҭыхыҩ Чандан Ханн иусумҭа "Аиҟәшареи".
Афотожурналист Чан Сиуи ашәаҩатә фестиваль "Васалоппет Чайна-2020" аҟынтәи иҭыхымҭа аноминациа "Сара спланета" аҿы иалкаахеит. Асериатә ҭыхымҭақәа рыбжьара аиааира агеит Гран-при-2020 занашьоу, аиспануаҩ Луис Тато иҭыхымҭа "Мрагыларатәи Африкаҿ амаҵақәа ржәылара".
Аспорттә номинациаҿ акакалатәи аусумҭақәа рыбжьара афотоҭыхымҭа "Паркур аилабгаррақәа рҿы" актәи аҭыԥ анашьахеит (шьамтәылатәи арепортер Мунеб Таим). Асериатә усумҭақәа рыбжьара - Дара Исаева лҭыхымҭа "Аҩнытә Олимпиада".
Аноминациа "Апортрет. Ҳаамҭа афырхаҵа" аҿы актәи аҭыԥқәа ргеит Урыстәылеи Индиеи рфотоҭыхыҩцәа: Сергеи Бобылев "Ҳаамҭа ахаҿы, коронавирус иаҿагыло аҳақьымцәа ирызку; Шарафат Али "Кашмир: еимактәу аҭынха".
2021 шықәсазы иаиааиз аусумҭақәа рсиа нагӡа кьыԥхьуп асаит stenincontest.ru/stenincontest.com. аҿы.
Традициала аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьаҭаркуп аԥхьахә ҷыдақәагьы. 2021 шықәса рзы аноминациақәа хԥа– "Ажәабжь хадақәа", "Сара спланета", "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа" хазтәи аԥхьахәқәа рыла иазгәаҭан.
Аноминациақәа партниорцәаны ирзыҟоуп еицырдыруа жәларбжьаратәи амедиақәа – Еидҵоу шанхаитәи амедиа гәыԥ(ОШМГ), Ауаажәларратә информациатә холдинг Аль-Маиадин ТВ, иара убасгьы агуманитартә еиҿкаара Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак (МККК) реиԥш иҟақәоу.
Аноминациақәа рпартниорцәа ргәаанагарала иалкаауп: " COVID-19 ауаҩытәыҩсатә хәыԥса" –Џьошуа Ируанди, "Европа ашьакәарсҭа" –Александр Ермоченко. Арҭ аусумҭақәа алкаауп аԥхьахә ҷыдақәа рыла ЖӘларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аҟынтә аноминациа "Ажәабжь хадақәа" аҿы.
Выставка работ победителей конкурса имени Стенина в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Стенин ихьӡ зху аицлабраҿы иреиӷьу афотосахьа онлаин-бжьыҭирала иалхуп
COVID-19 иаҿагыло ирызку Патрик Иункер ифотоҭыхымҭақәа "Азыԥхьагәаҭара ахьӡ-аԥша" Аль-Маиадин ТВ иалнакааит аноминациа "Апортрет. Ҳаамҭа афырхаҵа" аҿы, Гран-при-2020 занашьоу, аиспан Луис Тато иҭыхымҭа "Мрагыларатәи Африкаҿ амаҵақәа ржәылара" аԥхьахә анаҭеит жәларбжьаратәи амедиақәа – Еидҵоу шанхаитәи амедиа гәыԥ(ОШМГ) аноминациа "Сара сыпланета" аҿы.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" ИУНЕСКО аусқәа рзы УА Акомиссиа ахылаԥшрала еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.
2021 шықәса рзы аконкурс информациатә партниор хадоуп: аинформациа-жәабжьтә портал Вести.Ru, урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телеканал "Россия-Культура", ателеканал "Москва 24" (https://www.m24.ru/).
Ажәабжьқәа зегьы
0