Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥоцхороӷли еиҭеиҳәеит х-тәылак рырратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иазгәаҭоу атәы

Ԥорцхол-оглы еиҭеиҳәеит х-тәылак рырратә ҽазыҟаҵарақәа рҿы иазгәаҭоу атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Лизберт Ԥоцхороӷли арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны имҩаԥысуа х-тәылак рырхәҭа еидызкыло арратә ҽазыҟаҵарақәеи, уи иалахәхәо арезервистцәа рааԥхьара шымҩаԥысуеи ртәы.

"Аԥсны атәылахьчара аминистр идҵа инақәыршәаны арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы аҽеидкыларақәа мҩаԥысуеит. Аԥсуаа ҳадагьы иалахәып Аахыҵ Уаԥстәыла аҟынтә иҷыдоу архәҭа баталионк, Урыстәылатәи абыжьбатәи абаза аҟынтә акәылӡтәы техника абаталион, ҳара ҳҟынтә Тҟәарчалтәи аполк арезервистцәа абзарбзани амина аршәгақәеи ргәыԥ. Ажәлар реизгара ҳаҿуп", -еиҭеиҳәеит Ԥоцхороӷли.

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, Ҵабал аполигон аҿы имҩаԥысраны иҟоу аҽазыҟаҵарақәа аҵыхәтәантәи рымш азы ахысрақәа шеиҿкаахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0