Facebook ахьӡ аԥсахраны иҟоуп

CC0 / / Фейсбук
Фейсбук  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Анапаҵаҩра
Ахьӡ ҿыц макьаназ имаӡоуп, анапхгара алахәылацәа зегьы ирыздырам.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Аилахәыра Facebook ахьӡ аԥсахра агәҭакуп, аанацҳауеит РИА Новости апортал Verge адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Facebook иааиуа амчыбжь азы ахьӡ аԥсахра агәҭакуп, иара ахырхарҭа еиҳа иаартны ианыԥшыртә аиԥш", - аҳәоит апортал асаит.
Verge иаҩуеит асоциалтә ҳа ахада Марк Цукерберг аилахәыра ахьӡ аԥсахра далацәажәараны дшыҟоу есышықәсатәи Facebook Connect аконференциаҿы жьҭаара 28 рзы.
Апортал адыррақәа рыла Facebook ахьӡ авиртуалтә офис Horizon ахьӡ иаҿырԥшхар ҟалоит.
"Метавселенная" Цукерберг иажәақәа рыла , арҿиара знапы алаку, ақалақь анҭыҵ ма аҵаратә усҳәарҭақәа ирцәыхароу ауаа ирзыхәарҭахоит. Нанҳәамзазы Facebook иӡырнагеит авиртуалтә офисқәа Horizon, Workrooms. Урҭ аҽрыдҳәалара алшоит авидеоконференциа аформат ала, ма авиртуалтә ҭагылазаашьа Oculus VR ахархәарала.
Асоциалтә ҳа Facebook шьаҭаиркит 2004 шықәсазы 19-шықәса зхыҵуаз америкатәи астудент Марк Цукерберг. Аштаб-квартира Менло-Парке (Калифорниа) иҟоуп. Facebook иатәуп амаҵзурақәа Messenger, WhatsApp, Instagram.
Цукерберг еиҳа амал змоу америкауаа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ никылоит, имал 134,5 миллиард доллар иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0