Аԥснытәи агимнастцәа аиҳәшьцәа Аверинаа адунеи ачемпионат аламҭалаз адгылара рзыҟарҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Гимнастки из Абхазии
Гимнастки из Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 - 31 рзы иапониатәи ақалақь Китакусиу аҟны имҩаԥысраны иҟоуп агимнастиказы адунеи ачемпионат.
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи агимнастцәа аиҳәшьцәа Аверинаа адунеи ачемпионат аламҭалаз адгылара рзыҟарҵеит.
"Ҳара асахьаркыратә гимнастика агәыԥ ҳамоуп. Адунеи ачемпионат аламҭалаз аиҳәшьцәа Аверинаа ргәы ҳарӷәӷәарц, ҳрыдгыларц ҳаӡбеит, Аԥсны шрыдгыло ҳҳәарц ҳаӡбеит. Ҳара иламысцқьоу аспорт ҳадгылоит. Ҳақәгәыӷуеит иашарыла ирыхәҭоу ахьтәы медалқәа роуп ҳәа. Россотрудничествеи ҳареи Ирина Винери аиҳәшьцәа Аверинааи ҳрыдгыларц ахәҭаны иаҳшьеит", – лҳәеит Аҟәатәи аҭаацәаратә еилакы ахантәаҩы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Ҵыԥх Аԥсны иаатит асахьаркыратә гимнастика агәыԥ. Урҭ инеиԥынкыланы аус шырмуагьы, алахәылацәа рхы бзианы иаадырԥшуеит.
"Ҳара агимнастикахь аныҟәара ҳалагеит ҵыԥх, абҵарамзазы. Мшаԥы 24 азы Москва иаарту атурнир ҳалахәын. Уа сыԥҳа, актәи аҭыԥ нылкылеит. Лара Аолимпиада дахәаԥшуан, аиҳәшьцәа Аверинаа рзы лгәы лыхьуан, ииашамкәа рус рыӡбеит ҳәа", - еиҭалҳәоит агимнастка лан Оксана.
Токио имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы урыстәылатәи агимнастка Дина Аверина аҩбатәи аҭыԥ лоуит, лаҳәшьа Арина – аԥшьбатәи. Ахьтәы медал ланаршьеит Израильтәи аспортсменка Лина Ашрам, агха шыҟалҵазгьы. Агәыԥқәа рҟынтә актәи аҭыԥ ааныркылеит Болгариатәи акоманда, аҩбатәи - урыстәылаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0