Аибашьраан ирӷьычыз Дырмит Гәлиа иҩыгақәа реизга еиԥшу амузеи иазырхынҳәуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Аналог украденного во время войны письменного набора Дмитрия Гулиа
Аналог  украденного во время войны письменного набора Дмитрия Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҩыгақәа реизга "Ахьтәы ԥсыӡ", 1950-шықәсазы ленинградтәи афабрикаҿ иҭыжьыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Дырмит Гәлиа имузеи аҟынтәи иргеит.
АҞӘА, жьҭаара 23– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ирӷьычыз Дырмит Гәлиа иҩыгақәа реизга "Ахьтәы ԥсыӡ" еиԥшу амузеи иазырхынҳәуп, ҳәа еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа.
"Арҭ аҩыгақәа Дырмит Гәлиа 80-шықәса ихыҵраан ҳамҭас ииҭеит ашәҟәыҩҩы Васили Ажаев. Дара ҳекспозициаҿ иҟан, аха аибашьраан ирӷьычит. Иаанхеит рыҭра мацара. Уи ҭацәӡа иаҳзықәгылан", - ҳәа лҳәеит лара.
Қорсаиаԥҳа лажәақәа рыла ааигәа амузеи аҿы имҩаԥган Урыстәылатәи атеолог Вероника Алексееваи Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асоциалогиа аинститут аҟазауааи рзы аекскурсиа. Абри ашьҭахь дара ирҳәеит иӡыз аекспонат аҩыза аукционқәа рҿы ишрышьҭало.
Москватәи адоуҳатә академиа атеолог Вероника Алексеева, жьҭаара 11 рзы аинтернет ала аукцион аҿы илыԥшааит 1950 шықәсазы ленинградтәи афабрикақәа руак аҿы иҭыжьыз аҩыгақәа "Ахьтәы ԥсыӡ".
© Sputnik / Томас Тхайцук Аналог украденного во время войны письменного набора Дмитрия Гулиа
Аналог  украденного во время войны письменного набора Дмитрия Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2021
"Иахьа амузеи аусзуҩцәеи ҳареи ҳаиԥылеит, аекспонат раҳҭеит. Ари иӡыз аизга акәым иара еиԥшу ауп. Амузеи аусзуҩ илҳәеит ара акраамҭа аус шылуаз, ибзианы ишылгәалашәо аизга зеиԥшраз. Инаагаз аҳамҭа раҳҭеит, ҳаидтәаланы акаҳуа аажәит, уажәы аҳаиртә баӷәазахь амҩа ҳақәлоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа иазгәалҭеит, амузеи иаҭоу аҳамҭа уаанӡатәи аизга ишеиԥшу, ари шыхҭыс дуу.
"Даара ҳаигәырӷьеит. Раԥхьа иргыланы урыстәылатәи ҳасасцәа ҳмузеи аҭагылазаашьа ргәы ахьамырҭынчуа, ԥхьаҟагьы аекспозициа аиҭашьақәыргылараҿ ацхыраара ргәы иахьҭоу. Ари иаанагоит амузеи ауаа ирҭахуп ҳәа. Иара убасгьы асимволтә ҟазшьа амоуп аекспонат аԥсуа ҩыра амчыбжь азы амузеи иахьаиуз", - ҳәа лыԥхьаӡоит Қорсаиаԥҳа.
Элла Тания - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2020
Арадио
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Дырмит Гәлиа иуапа иазкны
Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апрозаик, аҭоурыхдырыҩ, аетнограф, алингвист Дырмит Гәлиа диит жәабран 21 1874 шықәсазы Уарча ақыҭа Очамчыра араион аҿы.
Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит мшаԥы 7 1960 шықәсазы. Анышә дамадоуп Аҟәа агәаны. 1912 - 1960 шықәсқәа рзы дахьынхоз аҩны музеины ишьақәыргылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0