Пикассо иусумҭақәа жәеиза 109 миллион доллар ҳәа Лас-Вегас ирҭиит

© AFP 2023 / GABE GINSBERGОдиннадцать работ Пикассо продали в Лас-Вегасе за 109 миллионов долларов
Одиннадцать работ Пикассо продали в Лас-Вегасе за 109 миллионов долларов - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭрақәа ирылахәын жә-ҭыхымҭаки анышәаԥшьӡы иалху ҩ-усумҭаки.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Испаниатәи асахьаҭыхыҩ Пабло Пикассо иусумҭақәа жәеиза, аукционтә ҩны Sotheby's аҿы 108,8 миллион доллар ҳәа ирҭиит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аукцион адыррақәа рыла.
© AFP 2023 / GABE GINSBERGОдиннадцать работ Пикассо продали в Лас-Вегасе за 109 миллионов долларов
Одиннадцать работ Пикассо продали в Лас-Вегасе за 109 миллионов долларов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Аукцион ахь иаагаз аусумҭақәа ааигәанӡа еицырдыруа аотель Bellagio аресторан Picasso аҿы икыдын. Зегь раасҭа ахә ҳаракны иҭиин аусумҭа "Ахылԥа цәыҟаԥшь зхоу аԥҳәыс". Аԥхьанатә 20-30 миллион доллар ҳәа ахә шьан, аха иара азы ишәан 40,5 миллион доллар (2,9 миллиард мааҭ).
"Имуза Мариа-Тереза Вальтер лсахьа, 1938 шықәсазы иҭыхыз Пикассо ирҿиараҿ еиҳа иҳаракыз аамҭақәа иртәуп", - ҳәа азгәаҭоуп Sotheby's Twitter аҿтәи адаҟьаҿы.
Ҩ-метрак зышәара ыҟоу "Ахаҵеи ахәыҷи" 24,4 миллион доллар (1,7 миллиард мааҭ) ҳәа иҭиин.
"Каҵкәырк ашәыри ашәҭқәеи рнатиурморт " 1942 шықәсазы анацистцәа ирымпыҵакыз Париж иҭыхыз, 16,6 миллион доллар (1,2 миллиард мааҭ) ҳәа иҭиин.
Ажәабжьқәа зегьы
0