Аилахәыра Facebook ахьӡ Meta ҳәа иаԥсахит

© Sputnik / Рамиль СитдиковПриложение социальной сети Facebook в мобильном телефоне.
Приложение социальной сети Facebook в мобильном телефоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Анапаҵаҩра
Ребрендинг иаҵанакуа аилахәыра Facebook ауп, асоциалтә ҳа ахьӡ акәзар ишыҟоу иаанхоит.
АҞӘА, жьҭаара 29- Sputnik. Аилахәыра Facebook ахьӡ Meta ҳәа иаԥсахит, абри атәы рылеиҳәеит аилахәыра ашьаҭаркҩы Марк Цукерберг.
"Иахьа инаркны Meta ҳахьыӡзаауеит", - иҳәеит Цукерберг аӡыргараҿы.
Иара убасгьы иӡыригеит аилахәыра алоготип –Мебиус алента иаҵәа.

"Уаанӡагьы аклассикатә ҭҵаарақәа бзиа избон. Ажәа Meta акәзар абырзен бызшәаҟынтә иаауеит "анаҩс" аанагоит. Сара сзы уи символк иаҩызоуп", - иҳәеит Цукерберг.

Иара иажәақәа рыла абренд ҿыц "аметадунеи" уазхьанарԥшуеит, ауаҩы аекранқәа мап рыцәкны авиртуалтә ҭагылазаашьа далахәны ихы ахьибо.
Ажәабжьқәа зегьы
0