Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсуа театр аҟны амузеи аартра аус ахьынӡанагоу атәы

Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсуа театр аҟны амузеи аартра аус ахьынӡанагоу атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуа театр аҿы амузеи аиҿкаара нап адыркит. Русқәа ахьынӡанеихьоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны ауаажәларратә еимадарақәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.
"Амузеи аиҿкаара ҳгәы иҭоуижьҭеи акрааҵуеит. Аҳәынҭқарра рыцхыраара ҳаҳәеит , аха шьҭа хышықәса ҵуеит амузеи акгьы ҳзацымҵеижьҭеи. Нас апроект ҳаҩын афонд "Амшра" ашҟа инаҳашьҭит, ибзианы ирыдыркылеит. Ҳара еиҳараӡак уаҟа ҳгәы иҭаз ацифрахь аиагареи, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи реиҿкаара акәын. Убас иҟалеит аҭагылазаашьа апроект аҟны иаҳарбаз ҟаҳҵазҭгьы амузеи ианыԥшуамызт, убри аҟынтәи иалҳкааит акостиумқәа еиҭашьақәыргыланы рцәыргара, насгьы Аԥсуа театр аҟны уаанӡа актиорцәа аиҳабацәа рфотосахьақәа кнаҳан, урҭ шьақәҳаргылар ҳҭахуп. Апроект ала афонд аԥара ҳнаҭеит шықәсык ҵуеит. Акарантин иахҟьаны аамҭа рацәаны иаҳцәагеит, аха шьҭа мызқәак роуп иаҳзаанхаз. Сгәы иаанагоит ацәыргақәҵа ҟаҳҵоит хара имгакәа ҳәа. Даара аџьабаа рацәаны иадаҳбалеит. Иӡыргахо акостиумқәеи афотосахьақәеи рнаҩс асаит аҟны аматериал рацәаны иҟалоит", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0