Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

III Аҿартә кинофестиваль "Кинокавказ" азыҳәақәа шаднакыло азы алаҳәара ҟанаҵеит

© SputnikМолодежный кинофестиваль "Кинокавказ" объявил о начале приема заявок
Молодежный кинофестиваль Кинокавказ объявил о начале приема заявок - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Анапаҵаҩра
Апроект мҩаԥыргоит Нхыҵ Кавкази Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи ркинематографистцәа рыбжьара акультуратә ԥышәа аимдареи аусеицуреи рыҿиарази аҿар акино аҟазарахь рхьарԥшрази.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. III Аҿартә кинофестиваль "Кинокавказ" ахь азыҳәақәа рыдыркылалоит абҵара 24 рҟынӡа, асаит www.kinokavkaz.ru аҿы ҳәа аарыцҳауеит аиҿкааҩцәа.
Зметраж кьаҿу ахәмарратә афильмқәа, зметраж кьаҿу анимациатә фильмқәа, ателевизионтә документалтә фильмқәа, асоциалтә видеороликқәа рконкурс иалахәхар ҟалоит 16 - 35 шықәса зхыҵуа.
Ажиури ахантәаҩы – Герасимов ихьӡ зху ВГИК арежиссуреи акинои ателехәаԥшреи ркурс анапхгаҩы, адоцент, афедералтә експерт Витали Калинин.
Аицлабра мҩаԥысуеит ԥшь-номинациакны:
Иреиӷьу зметраж кьаҿу ахәмарратә фильм
Иреиӷьу зметраж кьаҿу анимациатә фильм
Иреиӷьу ателехәаԥшратә документалтә фильм
Иреиӷьу асоциалтә видеоролик.
II Нхыҵ-Кавказтәи Аҿартә кинофестиваль "Кинокавказ" аҿы аиааира агеит аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа ифильм "Сара Махаз сыхьӡуп".
Ажәабжьқәа зегьы
0