Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа ателедырраҭара "Умницы и умники" иалахәхоит

© Sputnik / Михаил Маркив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото записи
Архивное фото записи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа злахәхо аинтеллектуалтә теледырраҭара "Умницы и умники" мҩаԥысраны иҟоуп Москва, абҵара 17 - 20 рзы.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа алахәхараны иҟоуп аинтеллектуалтә теледырраҭара "Умницы и умники" ҳәа еиҭалҳәоит ашкол адиректор Лиана Хәарцкьиаԥҳа.
Аслан Кутелия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Арадио
Қәҭелиа адырраҭара "Умники и умницы" аԥсуа хәыҷқәа ралахәхаразы: традициахап ҳәа ҳгәыӷуеит
"11 "б" акласс аҵаҩцәа Анна Амҷыԥҳа, Саид Берулаа, Дариа Ситникова ателедырраҭара иалахәхоит. Актәи алкааратә етап онлаинла иахысит, аҩбатәи аетап мҩаԥысит Аԥсны Аҵара аминистрраҿы Витали Амаршьан ишәҟәы "Аԥсҳа Леон" ала. Абҵара 17 азы аҭыхрақәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит, аҵәҭаԥсара – абҵара 18, 19, 20 рзы. Аҭыхрақәа мҩаԥгахоит Москва", - лҳәоит лара.
Хәарцкьиаԥҳа лажәақәа рыла, аконкурсантцәа аҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит Чарльз Диккенс иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, 1942 шықәса адунеитә ҭоурыхи, 1812 шықәсазтәи аибашьра аҭоурыхи алитературеи ирызку атемақәа рыла.
Лара илҳәеит ахәыҷқәа разыҟаҵара ашкол зегь анапы шалаку, аха аиҳарак зхахьы изгаз акласс анапхгаҩы, аҭоурых арҵаҩы Нонна Кәыҵниаԥҳа лоуп ҳәа.

"Дара командак аҳасаб ала Аԥсны ахьӡала апроект иалахәхоит. Сгәы рыладууп. Ахәыҷқәа "ахьтәы", "араӡны" медалқәа роуразы рыхьӡқәа ҳәоуп. Раԥхьаҟа ишьҭоуп агәаҭаратә усурақәеи аԥышәарақәеи, урҭ рышьҭахь ауп ианеилкаахо иарбан медалқәоу ироуа. "Ҳаеҵәақәа" роуп дара", - еиҭалҳәоит Хәарцкьиаԥҳа.

Аԥснытәи аҵаҩцәа ателедырраҭара "Умницы и умники" ралахәхара еиҿнакааит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
"Умницы и умники" - ателехәаԥшратә олимпиадоуп, аефир аҿы иҟоуп 20 шықәса инареиҳаны "Актәи аканал" аҿы. Автор, амҩаԥгаҩ - Иури Виаземски.
2009 шықәса раахыс апрограмма аефир ахь иҭыҵуеит ессабша шьыжьымҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0