ЕАА АММ ртанкер Амшын еиқәахь ахы археит

© AP PhotoТанкер ВМС США
Танкер ВМС США  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Анапаҵаҩра
НАТОи ЕАА АММ Афбатәи амшынтә флот аштабқәеи аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит Амшын еиқәаҿи Адгьылбжьахатә мшын аҿи.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. ЕАА АММ ртанкер John Lenthall Амшын еиқәахь ахы археит НАТОи ЕАА АММ Афбатәи амшынтә флот аштабқәеи реицҽазыҟаҵара иалахәхарц ҳәа аанацҳауеит ЕАА АММ Афбатәи амшынтә флот Twitter аҿы.
Уаанӡа адырра ыҟан НАТОи ЕАА АММ Афбатәи амшынтә флот аштабқәеи Амшын еиқәаҿи Адгьылбжьахатә мшын аҿи аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит ҳәа. Аштабқәа аӷба Mount Whitney аҿы иҟазаауеит. Убри аан иазгәаҭамызт аесминец Porter арегион ахь ааира аҽазыҟаҵарақәа ирыдҳәалоу ирыдҳәаламу.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Габниеи Амшын Еиқәаҿы НАТО имҩаԥнаго ачырчара иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Габниеи Амшын еиқәаҿы НАТО имҩаԥнаго аичырчара иазкны
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Амшын еиқәаҿы аҭагылазаашьа еибадыррххоит ҳәа, убри аан иазгәанаҭеит Ҭырқәтәыла аӷбақәа арахь рҭалара ахылаԥшра аҭара шалшо.
Босфори Дарданеллқәеи рҿы аӷбаныҟәара ҳәаақәнаҵоит 1936 шықәсазтәи Монтрио аконвенциа. Адокумент атәылақәа зегьы рыхәаахәҭратә ӷбақәа аӡыбжьахалақәа рыбжьысра азин ҟанаҵоит, аха арратә ӷбақәа рзы аԥкрақәа ыҟоуп.
На этой раздаточной фотографии ВМС США, показан патрульный корабль USS Squall (PC 7), - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
ЕАА АҲМ Амшын еиқәахь ахы археит НАТО апартниорцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылахәхарц
Ажәабжьқәа зегьы
0