Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 120-ҩык COVID-19 рыхьит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 32378-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 27170 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 469-ҩык.
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 534-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 120-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1946 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 88-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 45-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 13-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 35-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 103-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0