Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа еиҭеиҳәеит ишәҟә ҿыц зызку атәы

Чхамалиа еиҭеиҳәеит ишәҟә ҿыц зызку атәы
Анапаҵаҩра
Аҧсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит ажурналист, апублицист Алхас Чхамалиа ишәҟәы "Алаԥшҳәаа". Уи иагәылалаз иарбан нҵамҭақәоу, иззыикыз, ашәҟәы аҭыжьра ахшыҩҵак шизцәырҵыз атәы автор еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ашәҟәы ианылаз еиҳараӡак аҭҵааратә публицистикатә жанр иаҵанакуа, уи иазааигәоу анҵамҭақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит Алхас Чхамалиа.
"Апублицистика аганахьала ари раԥхьатәи сышәҟәоуп, егьыс апоезиа згәылалаз ԥшьба ҭсыжьхьеит. Ажурналистика аганахьала аус снапы алакуижьҭеи 15 шықәса инацны иҵуеи, убри аҟынтәи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы исыҩхьаз, акьыԥхь збахьоу роуп араҟа иагәылалаз. Ус зегьы исыҩхьаз акәымкәа, иалԥшаауп апублицистика ажанр иаҵанакуа. Иазгәасҭар сҭахуп ари ашәҟы лгәалашәара ишазыскыз саб иаҳәшьа, 50 шықәса инарзынаԥшуа ашкол аҟны рҵаҩыс аус зухьаз, абиԥарақәа еиҵазааӡахьаз Қсениа Кыҷын-иҧҳа Чхамалиаԥҳа", - иҳәеит ашәҟәы "Алаԥшҳәаа" автор Алхас Чхамалиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0