Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Тҟәарчал араион ахь аинвестициақәа радыԥхьаларазы иҟоу аԥеиԥшқәа дырзааҭгылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 8 рзы Тҟәарчал араион даҭааит, аҭыԥантәи анапхгара рыҳасабырбақәа дырзыӡырҩит, ахыркәшара-лкаатә ажәахә ҟаиҵеит.
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион ахь аинвистициақәа радыԥхьаларазы иҟоу аԥеиԥшқәа дырзааҭгылеит.
Иара иҳәеит ишыҟоу аинвесторцәа – Тҟәарчал арацәа ацхра аинтерес змоу.
Исидор Дочия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2020
Арадио
Дочиа Тҟәарчал арацәа аҵхра аиҭахацыркразы: аԥсабара ԥырхага амҭакәа иаҳҭахуп
"Аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит, сгәы иаанагоит мызқәак аҭаххоит ҳәа ари аус нап алаҳкуоу иалаҳамкуоу аилыргаразы", - иҳәеит Бжьаниа арацәа аҵхра азҵаара дазааҭгыло.
Ахада далацәажәеит араионаҿы Аинвестпрограмма амҩаԥгарагьы.
"2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма еиҳа еиҳаны араион аргыларақәа алаагалоит, аӡхыҽҽахьы уназго амҩахәҭа еиҭашьақәҳаргылоит. Апрограмма иалаҵахоит Кәын Иашҭахь ухазгало амҩа апроект. Аригьы араион аҿиара иацхраашт. Тҟәарчал араион ҳхамшҭӡеит, аха зегь маншәаланы, имарианы ишымҩаԥымсуа шәхаҭагьы ижәбоит", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иазгәеиҭеит сынтәа араион абиуџьет 218 миллион мааҭ шартәаз, уи аҟынтә алагалатә хәҭа 21 миллион роуп иҟоу, егьи 196 миллион мааҭ аҳәынҭбиуџьет иатәуп.
"Ҳара шықәсык аҩнуҵҟа 10 миллиард мааҭ ҳҭахуп еиуеиԥшым азҵаарақәа – аӡеиқәыршәара, амҩақәа рыҟаҵара уҳәа рыӡбаразы. урҭ аԥарақәа аинвесторцәа рҟынтә мацароуп иҳауыр ахьалшо", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Ҿырԥштәысгьы иааигеит сынтәа инагӡаз атуристтә проект "Тамшь Village". Ара аус руеит 180-ҩык, бжьаратәла 35 000 мааҭ роуеит.
Кемпинг  ТАМЫШ Village - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
Аԥсшьарҭатә комплекс "Тамшь Village" 7000-ҩык атуристцәа аҭаахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0