Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрофессор Патико Алан 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит

Патико Алан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2021
Анапаҵаҩра
Патико Алан - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, ақыҭанхамҩа, аҭҵаарадырра, аҵара зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Патико Алан 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит апрофессор иколлегацәа.
"Аԥсны аграртә ҭҵаарадырра азҟаза, ауаҩы хазына, еснагь аҿыцрақәа аԥшьызгоз иакәын. Ҳкафедра (агрономиа акафедра – аред.) ахыҵхырҭаҿы дгылан, аԥҵарагьы Патико Баграт–иԥа илшамҭан. Ауниверситет азы ари цәыӡ дууп. Ари аҩыза аҩаӡара змоу аҵарауаҩ ахьы даҩсуан", - ҳәа лҳәоит агронамиа акафедра аиҳабы Кама Чыкәбарԥҳа.
Патико Алан - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, ақыҭанхамҩа, аҭҵаарадырра, аҵара зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.
1959 - 1992 шықәсқәа рзы алабораториақәа рҿы иҭиҵааит 100 инарзынаԥшуа химиатә маҭәашьар, урҭ рҟынтәи 30 ааглыхрахь иалагалан.
Иара инапхгарала иаԥҵан аҵаратә, ааглыхратә, арҵаратә усҳәараҭқәа: аҵиаақәа рыхьчаразы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи атоксикологиатә лабораториа, ачаии асубтропикатә культурақәеи рзы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи агербицидқәа рлабораториа, асубтропикатә культурақәа рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ааглыхратә еидгыла, Урыстәыла-Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аҵаратә усҳәарҭа – Новочеркассктәи ааглыхра-гуманитартә коллеџь Аԥснытәи афилиал, ақыҭанхамҩаз Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт.
Патико Алан авторс дрыман 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа. Аҵиаақәа ртоксикологиеи рфизиологиеи рзы иусумҭа еиҭагоуп англызи анемеци бызшәақәа рахь.
Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.
Ажәабжьқәа зегьы
0