Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит русбарҭа шәышықәса ахыҵра

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилициа 2021 шықәса абҵарамзазы иахыҵуеит 100 шықәса.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәеи русзуҩцәеи дрыдныҳәалеит амилициа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсуа милициа аҭоурых – ари акрызҵазкуа, убри аангьы аҭакԥхықәра дуи ашәарҭареи зцу азанааҭ змоу ауаа ирҭоурыхуп. Афырхаҵара, агәымшәара, ламысла амаҵура анагӡара – абарҭ аҟазшьақәа змоу усзуҩцәоуп аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәаҟны аус зуа.

Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Иара адныҳәалараҿы иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Азакәан шырыхьчо, ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи ишырхылаԥшуа.
"Шәара Азакәан, ауаажәларратә зинеиҿкаара, ашәарҭадара ахьчара шәнапы иануп. Шәара аҭакԥхықәра ду шәыдуп шәаԥхьа иҟаз аиҳабацәа иаԥырҵаз атрадициа шьахәқәа реиқәырхаразы, рықәныҟәаразы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы есқьынгьы ирдыруазароуп ауаажәларра зықәгәыӷуа усзуҩцәаны ишыҟоу. Дарбанзаалак ипрофессионализм зеиԥшроу еиԥш ауп Аԥсны атәылауаа азинхьчаратә усбарҭақәа рганахь ироуа агәрагарагьы шыҟало", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.
Бжьаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит абри амш аҽны ҳаҭырла ишыргәаладыршәо змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз. Урҭ ргәалашәара лаша есқьынгьы ҳгәаҿы иҟазаауеит ҳәа инаҵшьны иҳәеит иара.
Аԥсны амилициа 2021 шықәса абҵарамзазы иахыҵуеит 100 шықәса.
Ажәабжьқәа зегьы
0