Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чачхалиа Қарҭли ашықәсынҵазы: ақырҭқәа ртәоуп иамҳәо, аԥсуаа ртәы даараӡа иӷәӷәаны иаҳәоит

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чачхалиа Қарҭ ашықәсанҵа иазкны
Анапаҵаҩра
Ақырҭқәа рҭоурых зҳәо аҩыра анализ азиуит аҭоурыхҭҵааҩ, апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа. Арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аус шыҟалаз, насгьы ҭоурыхтә фактқәак ҿырԥштәыс иааигеит.
Уаанӡа иҟарымҵозу, иацәшәозу сыздырым, аха акарандашь кны садтәалеит, абри иабанӡартәу, ара ҳара ҳтәы акгьы амҳәаӡои ҳәа сҿынасхазар, ақырҭқәа ртәоуп иамҳәо акәымзар, аԥсуаа ртәы даараӡа иӷәӷәаны иаҳәоит ҳәа азгәеиҭеит Чачхалиа, аиҿцәажәара хацыркуа.
"Иаҳҳәап, аабатәи аашәышықәсан ахьыԥшымра анҳауази ишҳауази атәы аҳәоит. Абырзенцәа кәадахан, ахазарцәа усҟан иӷәӷәаны иҟан. Ахазар Леон II иабду иакәын. Иан лаҳәшьа дрыман Византәиа. Уа дтәан Лев Хазар. Ара дыҟан Лев Аԥсуа. Урҭ ҩ-еиҳәшьцәак ирхылҵыз ракәын. Уи акыр иацхрааит, аха иаразнак ирзыҟамҵеит ахьыԥшымра. Усҟан ахьыԥшымра угәылацәа аиҳабацәа идырҵабыргыр акәын, уара ииашаҵәҟьаны ахьыԥшымра шумоу, урҭ ақәшаҳаҭымхар ҟалаӡомызт. Аха аӡәы дхымхәаны ацәарҭа даманы даанхеит. Егьы дыԥсхьан аҟынтә, убас иаҳәоит иара ашәҟәы, рхала ахьыԥшымра рхы иадырҵеит ҳәа", - еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.
Иарбан ҭоурыхтә фактқәоу еиҭа Қарҭли ашықәсынҵа иаҳәо еилышәкаар шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0