Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәлар реизара адепутат Валери Агрба Апарламент аҿаԥхьа иҟаз ахысра дшалахәымыз атәы иҳәеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Депутат Валерий Агрба
Депутат Валерий Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Анапаҵаҩра
Адепутат Валери Агрба апресс-конференциа мҩаԥигеит, Апарламент аҿаԥхьа иҟаз ахысра далахәуп ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа иҟарҵаз аҳәамҭа инамаданы.
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Валери Агрба иҳәеит абҵара 11 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахысра дшалахәымыз, иара аӡәгьы ишиаимҳәаз иганахь ала апроцессуалтә гәаҭарақәа шымҩаԥысуа.
" Сара сдепутатра схы иархәаны сҽысҵәахӡом, схаҭа исҭахуп ари аус аобективла азнеира. Схаҭа сақәыӡбоит ианныҳәамшым абџьар аҭырҟьара", - иҳәеит иара.
Агрба Аҳәынҭқарра ахьчара амацзура аиҳабы Зураб Зантариеи Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрбеи рыхьӡала адепутат изҵаатәхәқәа иҩит. Амассатә аиформациатә хархәагақәа ирылаҵәаз иара дызлахәу авидео ҭыхын аҭел ала, иара убас аиҳабыра рыҩны ахыбраҿ иҟоу авидео арбагақәа рылеи.
"Асервер Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭаҟны ауп иахьыҟоу, хымԥада аинформациа аиуреи ахкьыԥхь аҟаҵареи рзы аԥҟарақәа аԥҵоуп. Сара ишсарҳәаз ала, асервер аҟны иҟаз аинформациа дырбан Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳаби, ақалақь апрокурори, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи Аԥсны ахьчара амацзура аиҳабы иҟаиҵаз аҳәара ала. Уаҟа иҟаз Аҳәынҭқарра ахьчара амацзура аусзуҩцәеи дареи ракәын. Ус анакәха ара иҟази авидео алазырҵәаз идырым ауаҩи аимадара рыбжьоуп. Избанзар дара заҵәык роуп авидео аларҵәара зылшоз. Убри аҟнытә сара аҳәара ҟасҵеит аҩнуҵҟатәи амаҵуратә ҭҵаарақәа мҩаԥгазарц", - иҳәеит Агрба.
"Апроцессуалтә гәаҭарақәа рыҿҳәара ԥкыуп, убри аҟнытә иаанхаз аамҭа маҷуп ахара сыдарҵо мамзаргьы исыдрамҵо аилкааразы. Депутатк иаҳасаб ала, сзинқәа схы иархәаны сгәаанагара аартны исҳәоит, атәылауаҩык иаҳасаб ала, аӡбарҭаҟны аҵыхәтәанынӡа сыхьӡи сыпатуи сыхьчоит. Иара убасгьы идҵаны иқәсыргылоит, идырны мцҳәарыла ахьӡ сыхҵаразы ацәгьа зҳәаз ашьауӷа рақәыршәареи, Аԥсуа телехәаԥшрала ирҳәаз азы ииашам ҳәаны аҭамзаара ашьҭаҵареи рзы", - ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Амилициаа рдыррақәа рыла, абҵара 11 Аԥсны апарламент аҿаԥхьа 17:50 рзы, Жәлар реизара адепутат Валери Агрба, адепутатцәа Гарри Кокаиа, Алмасхан Арӡынба, Гиви Кәарҷиа рыгәҭа ажәҩан ахь хынтә тапанчала дхысит.
Ари ахҭыс еилдыргоит Аҟәатәи ақалақьтә прокуратура.
Ажәабжьқәа зегьы
0