Аналитик авалиута-аутсаидерқәа рыӡбахә иҳәеит

© AFP 2023 / MUSTAFA OZERТурецкая лира. Архивное фото.
Турецкая лира. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Анапаҵаҩра
Иҿио атәылақәа рвалиутақәа роуп аиҳарак адунеитә економикаҿ аҭагылазаашьа ауадаҩра зныԥшуа.
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Авалиута-аутсаидерқәа ираԥхьагылоуп ҭырқәтәылатәи алира. Иара жәамз рыла 26% икаҳаит адоллар иаҿырԥшны. Абри атәы "Российская газета" иазеиҭеиҳәеит афондтә џьармыкьа "БКС Мир инвестиций" аексперт Дмитри Бабин.
Цәыббраахыс алира акурс алаҟәра арццакит. Алира анырра анаҭоит агеополитикатә фактор ҳәа азгәеиҭеит Бабин.
Ҭырқәтәылатәи авалиута иашьҭанеиуеит Аргентинеи Колумбиеи рмилаҭтә валиута - песо.
Зреитиг лаҟәуа рыбжьара иҟоуп "Абыжьба ду" (G7) иалахәу атәыла авалиутагьы — иапониатәи иена. Иара 33 аҭыԥ ааннакылеит.
Ашықәс иалагазар иена адоллар аганахьала 9% рыла икаҳаит.
Урыстәылатәи амааҭ 2021 шықәсазы ақәҿиарақәа амоуп. Аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит. Уи зыхҟьаз анефҭи агази рыхә ашьҭыҵроуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0