Белоруссиеи Польшеи рҳәааҿы амигрантцәа еиҿыркааз алагер аанрыжьуеит

© Sputnik / Viktor Tolochko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛагерь беженцев на белорусско-польской границе возле деревни Уснар-Дольное
Лагерь беженцев на белорусско-польской границе возле деревни Уснар-Дольное - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Анапаҵаҩра
Белоруссиеи Польшеи рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы ауаа рацәа еизоит. Белоруссиатәи амчрақәа урҭ ршәарҭадара иашьклаԥшуеит уаанӡа алагер аҿы хылаԥшра шрырҭоз аиԥш.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Белоруссиеи Польшеи рҳәааҿы амигрантцәа еиҿыркааз алагер маҷ-маҷ иаанрыжьуа иалагеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь.
Абҵара 15, ашьыжь амигрантцәа рколонна белоруссиатәи азинмчуаа рыцны аҳәаахысырҭа "Брузги" ахь рхы дырхеит.
Sputnik Беларусь ишаҩуа ала, аколонна километрак аҟынӡа инаӡон.
Уажәы аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы ауаа рацәа еизоит. Белоруссиатәи амчрақәа урҭ ршәарҭадара иашьклаԥшуеит уаанӡа алагер аҿы хылаԥшра шрырҭоз еиԥш ҳәа аарыцҳауеит ареспублика Аҳәаахьчаратә еилакы аҟынтәи.
Польшатәи аруаа урҭ рымҩа иаԥгылоуп. Џьоукы рнапаҿы иркуп агазтә баллонқәа иреиԥшу маҭәарқәак. Уи адагьы польшатәи аган аҿы игылоуп атехника ҷыда, амашьынақәа руак аӡҟьага машьына еиԥшуп.
Белоруссиа АҲәЕ аофициалтә хаҭарнак Антон Бычковски иазгәеиҭеит "ахҵәацәа ҭынчрала ахымҩаԥгара ргәы ишҭоу, иҟалалакгьы, зегьы ишазыхиоу" ҳәа.
Аԥхынразы Белоруссиеи, Польшеи, Прибалтикатәи атәылақәеи рҽеиԥшьырҭақәа рҿы ирацәаҩхеит Мраҭашәаратәи Европаҟа зхы хаз ахҵәацәа. Урҭ Мрагылара Ааигәеи Африкеи рҟынтәи иқәҵыз роуп.
Президент РФ В. Путин провел совещание с руководством министерства обороны РФ и предприятий ОПК - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Путин ЕЕ ахь ааԥхьара ҟаиҵеит амиграциатә кризис азы ахара егьырҭ рыжәҩа иқәрымҵаларц
Аҭагылазаашьа аҽаруадаҩит абҵара 8 рзы хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа Белоруссиа иалсны Польша аҳәаахь инеит, Евроеидгыла аҵакырахь ицарц. Аха польшатәи амчрақәа урҭ аҳәаа иахырмыжьит, алаӷырӡаагага агаз ахархәара арҭеит. Абри ашьҭахь зықьҩыла ахҵәацәа, аҳәсеи ахәыҷқәеи назлаз, алагер еиҵырхит.
Мраҭашәара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Минск иахарарҵоит, аха уа уи мап ацәыркуеит. Лукашенко иҳәеит ауаа уаҳа ишаанырымкылало, уи азы амчгьы шыҟам, аԥарагьы шыҟам.
Ажәабжьқәа зегьы
0