Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сақаниа еиҭеиҳәеит Шәача иаарԥшыз ажәытә уахәама Аԥсны иҟоу рахьынтә иаҳа иззаигәоу

Сақаниа еиҭеиҳәеит Шәача иаарԥшыз ажәытә уахәама Аԥсны иҟоу рахьынтә иаҳа иззаигәоу
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шәача иаарԥшыз ажәытә уахәама ашьаҭа Аԥсны иҟоу ақьырсиантә ныҳәарҭақәа рахьынтә иаҳа иззаигәоу.
Аӡиасқәа Мзымҭеи Ԥсоуи рыбжьара Шәача Имереҭтәи алаҟәыраҿы 11 шықәса раԥхьа аартра ҟарҵахьан Урыстәыла Аҭҵаарадырратә академиа Археологиа аинститут аусзуҩцәа. Дара 2010 шықәсазы уи аҭыԥ аҟны ирбеит, иҭырҵаауан IХ-Х-тәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Урыстәыла уи аамҭазы зегь раасҭа ижәытәӡатәиу ҳәа ишьаз ауахәама. Иара Аԥснытәиқәа ирышьашәалоуп, Лыхнытәи ауахәамеи Афон ҿыц иҟоу Симон Канатәи иуахәамеи иреиԥшуп. Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ари ахҭыс иаҵанакуа, иҳанаҳәо.
"Ажрақәа ирылахәыз Екатерина Армарчук лыстатиа ҭыҵит. Уи абаҟа иԥшаау аҭҵаара салахәын. Лара Армарчук илбаанӡа ҳара аԥсуа археологцәа ҳнаԥхьан, аус ҳаухьан, аԥшыхәрақәа мҩаԥаагахьан. Ҳара ҳаԥхьа Вадим Виктор-иԥа Бжьаниа (аԥсуа археолог, иԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы – азгә.) СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиатә институт аҟны аус иуан, напхгара аиҭон уи аҭыԥ аҟны имҩаԥыргоз аԥшыхәратә усурақәа 1960-тәи ашықәсқәа рҽанеиҩыршоз аамҭазы. Иара усҟан иҟаиҵаз адырраҟны иаирбеит аҳабла Весиолое иахьаҵанакуа аԥшыхәратә ажрақәа раан ахаҳәеиқәҵара акәакь шырбаз. Уи ус еиԥш агәаанагара изцәырнагеит Цандрыԥшь иҟоу Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа аныхабаа еиԥшуп аиқәҵара ҳәа… Шәача Аолимпиатә ргыларақәа иахьрықәшәаз аҟны археологцәа аус рур акәхеит, усҟан Урыстәылатәи аинституқәа русураан ана-ара ирԥыхьашәо иалагеит ирымбацыз амаҭәарқәа. Иаҳҳәап, аџьаз аамҭа иатәу, ихьшәоу ахаҳә аамҭа иатәу, мамзаргьы антика иатәу, иара убас абжьарашәышықәсақәа ирыҵаркуа амаҭәарқәа. Урҭ рбо ианалага, дара излааҭырымҵац ала ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсуаҭҵааратә институт ахьтә. Археолог Аркади Џьапуа ҳнеиԥхьеит сареи Зураб Гьаргь-иԥа Хонӡиеи 2010 шықәса ҟалаанӡа. Ашықәс аамҭак аус ҳуит", - иҳәеит Сақаниа.
Аҟазараҭҵааҩы дырзааҭгылеит ажрақәа раан ирбаз амаҭәарқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0