Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ҩымш рыла акоронавирус злаз хәҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в УКБ №2 Первого МГМУ им. И. М. Сеченова
Госпиталь COVID-19 в УКБ №2 Первого МГМУ им. И. М. Сеченова - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33343 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27756-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 488-ҩык.
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 699-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 147-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аҵыхәтәантәи ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит хәҩык апациентцәа: 79, 82, 75, 65 шықәса зхыҵуаз аҳәсеи 68 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 71-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ы, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 93-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0