Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Белоруссиа аҳәааҟны амиграциатә кризис азы: адунеи аполитикатә мчқәа еиҿагылт

Ҳагба Белоруссиа аҳәааҟны амиграциатә кризис азы: адунеи аполитикатә мчқәа еиҿагылт
Анапаҵаҩра
Белоруссиеи Польшеи рҳәааҟны амиграциатә кризис атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәа рҟынтәи ахҵәацәа Белоруссиеи Польшеи рҳәаа азааигәара абнацәаҳәаҟны алагер еиҵырхит, Европатәи аидгыла аҵакырахь инеирц. Ари амчыбжь азы агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ ахь инеины аҳәаа иахысырц рҽазыршәеит, аха Польшатәи амчрақәа дара атәыла иаларыжьуам иҷыдоу ахархәагақәа рыцхыраарала.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Литва, Латвиа, Польша адырра ҟарҵон Белоруссиа аҳәааҟны иааныркыло Африкеи Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәеи рҟынтәи амигрантцәа рхыԥхьаӡара акыр иацлеит ҳәа, Минск ахара адырҵон амиграциатә кризис азы. Белоруссиа акәзар ус еиԥш иадырҵо ахара иақәшаҳаҭым. Уи атәыла ахада Александр Лукашенко изныкымкәа иазгәеиҭахьан маӡала Европатәи аидгыла атәылақәа рахь ицо амигрантцәа уаҳәа ишааныимкыло, Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа итәыла аганахь иаларгалаз асанкциақәа ирыхҟьаны уи азы аԥарагьы, амчгьы шимам. Белоруссиа аҳәаахьчаҩцәа ракәзар, изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан Литвеи, Польшеи, Латвиеи амигрантцәа мчыла Белоруссиа адгьылҵакырахь идырхынҳәуеит ҳәа.
"…Акәша-мыкәша иҟоу аполитикцәа дуқәа Белоруссиа иақәыркит, еиҳаракгьы атәылаҟны имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи алхрақәа рнаҩс. Александр Лукашенко иҿагыланы имҩаԥырго аполитика амигрантцәа-ахҵәацәа рфакторгьы рхы иадырхәар рҭахуп. Убасгьы Владимир Путин ибзоурала амигрантцәа цәырҵызшәа иалацәажәоит Мраҭашәаратәи атәылақәа, арыцҳарақәа зегьы рхы иадырхәоит рхатә геополитикатә интересқәа рынагӡаразы. Ӡбашьас иаиуа аҳәара уадаҩуп, ари ашықәс азы амиграциатә кризис изалымҵыр ҟалоит Белоруссиа", - иҳәеит Ҳагба.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0