Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба

Еицырдыруа ахьыӡқәа: ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ Анзор Мықәба иира амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны дсасны даҭан.
Иахьа 75 шықәса ихыҵит ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҭоурыхдырҩы, актиор, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Анзор Мықәба.
Аиубилиар иирамш идныҳәаларазы, ишықәсқәа рҟынтә иаликаауа аамҭақәа игәалаиршәаразы, дыззыразу алҵшәақәа дрылацәажәарц, ҳазҭагылоу аамҭазы игәаанагара аилкааразы ааԥхьара иман арадио Sputnik Аԥсны ашҟа.
"…Ҳҭоурых аҟны аимпериақәа ҩба реиндаҭлара ҳрыбжьыԥсааит, ҳхы ҳзақәмыршәеит ахымҩаԥгашьа. Амҳаџьырра ани-ари ихароуп ҳәа ацәажәарақәа иашаӡам. Даара рҽазыҟаҵан Кавказ ажәлар рырԥсыҽра иашьҭан… аха, ҳара аҵара ахьҳамамыз иахҟьаны, инахараны аполитика еилаҳкаауа, инахараны ҳзыԥшуа ҳзыҟамлеит. Иахьагьы ҳҭагылазаашьа бзиаӡам. Адунеи аҟны иҟоу жәбоит, аибафара бааԥс цоит. Убри амҳаџьырра аамҭагьы ҳгәаларшәаны даҽакала ҳҽеиҿаҳкаароуп. Изеицәааӡои, иҳахәаԥшуа ирҭаху ҳадгьыл ауп. Абри еилкааны ахымҩаԥагшьа ҳақәшәароуп. Ҳанзақәымшәа, иахьакәым ахь ҳкылсуеит уҳәаратәгьы ҳнеихьеит. Аибафара, аиндаҭлара, агәреибамгара иарбан милаҭзаалакгьы абзиахь икылнамгаӡацт ", - иҳәеит Мықәба.
Ҳаԥсуа драматургиа аҿы зырцәажәо: ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба 75 шықәса ихыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0