Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шамԥҳа ашьақар чымазара аарԥшра иадҳәалоу ауснагӡатә алҵшәақәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Шамԥҳа ашьақар чымазара аарԥшра иадҳәалоу ауснагӡатә алҵшәақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны адиабеттә еилазаара аиҳабы Алиса Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит арҭ амшқәа рзы ҳтәылаҟны имҩаԥысуаз ашьақарчмазара аарԥшра иадҳәалаз агәыразратә акциа шеиҿкааз, алҵшәақәа ртәы.
"Иҭышәынтәалоу ашьақар" захьӡыз акциа Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩаԥысуан абҵара 15-16 рзы. Ас еиԥш акциақәа 2018 шықәса раахыс имҩаԥысуеит, ҵыԥх атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа инарымаданы ибжьажьын, уаанӡа иара Аҟәеи Гагреи мацара имҩаԥысуазҭгьы, сынтәа Аԥсны зегьы амҽханакит лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Адиабеттә еилазаара аиҳабы Алиса Шамԥҳа.
"Иҟоуп ауаҩы ашьақар чымазара анимоу, аха ианизеилымкаауагьы. Убри азоуп аиԥш зеиԥшу акциа зымҩаԥааго, избанзар ауаҩы ицәа иалоу издырӡом", - лҳәеит Шамԥҳа.
Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Аендокринологцәа ирҳәоит ачымазара азԥхьагәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0