Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сопредседатели Женевских дискуссий провели встречу в МИД Абхазии
Сопредседатели Женевских дискуссий провели встречу в МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса ԥхынҷкәын 7-8 рзы иазгәаҭоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд.
АҞӘА, абҵара 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.
Аиԥылара аазыртыз аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба аиԥылара алахәылацәа аԥсшәа раҳәо иҳәеит араунд амшхәаԥштә азҵаара алацәажәара дшазыхиоу.
"Шәара ибзианы ижәдыруеит ҳара ҳзы аԥыжәаратә ҟазшьа шамоу амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵара ҟазҵо адокумент анапаҵаҩра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иумбар залшом ари аҵак ду змоу азҵаара шгәыгәҭажьу. Ҳара иаҳҭахуп абри ахырхарҭала аусура ырцыхцыхзар", - ҳәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

3/5

4/5

5/5

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа еснагь ажәалагалақәа ҟарҵоит иҟоу аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, аха ақырҭуа ган акомпромисстә ӡбарақәа ирзыхиам ҳәа иҳәеит иара.
"Убри инадҳәаланы исҭахын ацхантәаҩцәа, апроцесс амодераторцәа шәакәны шәахьыҟоу азы, амчра ахамырхәаразы апроцесс активла аус адулара шәазхьаԥшырц", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
Иара убасгьы аԥсуа ган агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла арратә мчрақәа ахьеизнарҳауа азы, НАТО анапхгарала уа аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуазы.
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Аԥсны ААР Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи рраунд шымҩаԥысыз иалацәажәеит
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар иҳәеит дшақәгәыӷуа изаамҭанытәиу араунд алҵшәақәа аиуп ҳәа.
"Ҳара иазԥхьагәаҳҭоит акрызҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәара. Арахь иаҵанакуеит аҭынчра жәларбжьаратә хәдықәҵара аиура, амч ахамырхәара", - ҳәа иҳәеит иара.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Седе иҭабуп ҳәа ахылҳәааит аиԥылара ахьеиҿкаахаз.
"Агәахәара снаҭоит ара ҳахьыҟоу, ари адиалог ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Иара инаҵшьны иазгәанаҭоит ҳара абри аус аҿы ҳроль. Аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы активла рхы аадырԥшуеит ҳәа ҳазыԥшуп", - ҳәа лҳәеит лара.
2021 шықәса ԥхынҷкәын 7-8 рзы иазгәаҭоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд.
Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.
Ажәабжьқәа зегьы
0