Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашкол STEM Аҳабла ҿыц аҵаҩцәа рзы иаарту аурокқәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Школа STEM организовала открытые уроки для школьников из Нового района
Школа STEM организовала открытые уроки для школьников из Нового района - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Анапаҵаҩра
Ашкол-лабораториа STEM аҿы ахәыҷқәа иддырҵоит апрограммаҩра, 3D-амодельҟаҵара, адизаин, аробототехника, ирццакны аԥхьара, авидеомонтаж.
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашкол-лабораториа STEM Аҳабла ҿыц иҟоу ашкол №5 абыжьбатәи акласс аҵаҩцәа рзы иаарту аурокқәа мҩаԥнагеит.
Ашкол адиректор Дамеи Џьонуа иажәақәа рыла, хышықәса рыҩнуҵҟа ашкол аҿы аҵара иахысхьеит зықьҩык рҟынӡа.
"Ари ахышықәса аҩнуҵҟа ҳара ҳҿы аҵара иахысит Аҳабла ҿыц аҟынтәи 30-ҩык. Избан ҳәа ҳанҵаа аҭаацәа ирҳәеит ишырзыманшәалам ахәыҷқәа ргара-раагара. Амҩангагаз ауадаҩрақәа шыҟоу", - иҳәеит иара.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Ашкол STEM Аҳабла ҿыц аҵаҩцәа рзы иаарту аурокқәа мҩаԥнагеит

Ашкол STEM Аҳабла ҿыц аҵаҩцәа рзы иаарту аурокқәа мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
1/4

2/4

3/4

4/4

Аҳабла ҿыц аҟынтәи ахәыҷқәа акурсқәа ирхысырц азы ашкол анапхгара ирыӡбеит хәыдаԥсадатәи амҩангага еиҿыркаарц. Автобус, аилахәыра "Garuda" ирнаҭеит, уи ала ахәыҷқәа аурокқәа рахь иаанагалоит иагьагалоит.
"Ҳара иҳаӡбеит ардырратә акциа еиҿаҳкаарц. Ахәыҷқәа рзы иаарту аурокқәа еиҿаҳкаауеит. Жәамш рыҩнуҵҟа ахәыҷқәа аагалоит. Ашкол адиректор ари деигәырӷьаны дақәшаҳаҭхеит", - иҳәеит иара.
5 -11 калассқәа рҵаҩцәа рзы ардырратә урокқәа рҿы ирзеиҭарҳәоит IT-ҵара закәу. Ахәыҷқәа иара убасгьы аробототехника, ацифратә сахьа, аԥсабарадырра закәу ддырдырит. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит аробот закәу уи ауаҩы ишихәарҭоу, 3D-сахьақәа раԥҵара шауа, ахимиатә елементқәа еилоуҵар иҟало рзеиҭаҳәан.
Валериа илҳәеит зегь раасҭа аԥышәарақәа рымҩаԥгара шылгәаԥхаз.
"Ахимиатә маҭәашьарқәа еилаҳаӡҩон. Ҳашкол аҿгьы асеиԥш аинтерес рыҵаны аурокқәа мҩаԥысуазар ҳҭахуп", - лҳәеит лара.
Даниил иҳәеит ацифратә сахьа акурс шигәаԥхаз.
"Иахьа еиуеиԥшым атехнологиақәа ртәы ҳзеиҭарҳәеит, алабораториаҿы аԥышәарақәа мҩаԥаагеит. Сара даара исгәаԥхеит. Сдухар сыпрограммистхар сҭахуп, арҭ адыррақәа акыр исыхәоит". - ҳәа иҳәеит иара.
Ахәбатәи ашкол аҵаҩцәа ашкол-лабораториахь рныҟәгараз хәыдаԥсадатәи атранспорт аусура иалагоит ажьырныҳәа инаркны. Аҵараз арзаҳал аларҵар рылшоит 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа.
Ученики в классе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2020
Асистема ҿыц: Аԥсны аҵара аминистр арҵаратә процесс далацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0