Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амқәаб: ателехәаԥшра уаажәларратәзароуп, маҵуҩыс иҟаҵатәӡам

Амқәаб: ателехәаԥшра уаажәларратәзароуп, маҵуҩыс иҟаҵатәӡам
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра акыр шықәса напхгара азҭоз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ателехәаԥшра иахьа ҭыԥс иааннакыло атәы.
Ателехәаԥшра Адунеизегьтәи амш азгәарҭоит абҵара 21 рзы. Ас еиԥш аныҳәа рыланаҳәеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа Хада ԥхынҷкәын 17, 1996 шықәсазы.
"Иахьа иаҳбоит ателехәаԥшра аҭыԥан аинтернет шгылаз. Уи шьаҭас иамоу ателехәаԥшра ауп, уаантәи иаауеит. Ателехәаԥшра хәыҷык аҽааннакыло иалагеит, ауаҩы имбар залшом аинтернет аҽшарҭбааз. Аҿар рзы мацара акәым, аиҳабацәа ҳзгьы иманшәалахеит. Иахьа аинформациа ҳахьашьҭоу, иахьаҳԥшаауа, ирласны иахьҳауа аинтернет аҟны ауп. Уи иашоуп, аха аинтернет даҽа ганкахьала аҿиара амҩа ианылап ҳәа сгәы иаанагоит, ателехәаԥшра даҽакы алнахуеит", - иҳәеит Амқәаб.
Иара иазгәеиҭеит ажәлар ржурналистикеи апрофессионалтә журналистикеи аинтернет аҟны еилыхха иубартә еиԥш иҟалароуп ҳәа.
Амқәаб иажәақәа рыла, ателехәаԥшра еснагь иуаажәларратәны иҟазароуп, аҳәынҭқарра хылаԥшра анаҭалароуп азакәани аԥҟарақәеи реилагара ҟамларц ателехәаԥшра аусураан.
"Ателехәаԥшра, арадио, акьыԥхь - маҵуҩыс иҟалар ҟалаӡом. Иауӡом уи ҳара ҳмилаҭтә хдырраҿы, ҳара ари бзиа иаҳбаӡом. Ателехәаԥшра иахьа аҳәынҭқарра амаҵ азнауеит, уи еилыскаауеит, аха аҳәынҭқарра ашьҭазароуп ажәлар ирҭаху аҟаҵара. Убри аҟынтәи ателехәаԥшра маҵуҩыс иҟаҵатәӡам, ателехәаԥшреи арадиои. Ажәлар ауп зымаҵ руша, ирҭаху рбароуп, ираҳароуп", - иҳәеит Амқәаб.
Гурам Амкуаб - Sputnik Аҧсны
Гәырам Амқәаб
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0