Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент ААР рминистр, Апрокурор хада, Аҟәа апрокурор рамхразы ақәҵара аднамкылеит

© Sputnik / Леон Адлейба Внеочередное заседание в Парламенте
Внеочередное заседание в Парламенте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Анапаҵаҩра
Ахаша абҵара 24 рзы Аԥсны Апарламент аҿы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит.
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент иаднамкылаӡеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура хада, Аҟәа апрокуратура рнапхгаҩцәа рмаҵурақәа рамхразы ақәҵара.

Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа Sputnik акорреспондент ишизеиҭеиҳәаз ала, ари ақәҵара иақәнагаз абжьқәа аимоуӡеит.

Ахаша абҵара 24 рзы Аԥсны Апарламент аҿы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит. Уи аҿы иахәаԥшит Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла иҟанаҵаз ааԥхьара.
Ааԥхьара авторцәа агәҭынчымра аадырԥшуеит атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьазы, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ӷәӷәала еиларгоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Дара адҵа ҟарҵеит Апарламент иаарласны изаамҭанытәим аилатәара еизганы аҭагылазаашьа ахәшьара арҭарци уи аиӷьтәразы ашьаҿақәа ҟарҵарци.
Ажәабжьқәа зегьы
0