Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалоит ахәыҷқәа рзы COVID аҟынтә алаҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рзы апрофилактикатә лаҵаҟаҵараз иаҭаххоит аҭаацәа ҩыралатәи рақәшаҳаҭра.
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалоит 12-17 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы COVID аҟынтә алаҵа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Иахьа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалоит 12-17 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы COVID аҟынтә Гамалеи ицентр алаҵа Гам-КОВИД-Вак-М", - лҳәеит Голикова Урыстәыла ахада Владимир Путин имҩаԥигоз аилацәажәараҿы.
Ахәыҷқәа рзы апрофилактикатә лаҵаҟаҵараз иаҭаххоит аҭаацәа ҩыралатәи рақәшаҳаҭра ма иззыҟарҵо ахәыҷы итәы, 15 шықәса ихыҵхьазар.
Ажәабжьқәа зегьы
0