https://sputnik-abkhazia.info/20211125/tegeran-amaa-ruak-asny-akh-akhyreit-1036483445.html
Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит
Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахьӡ ахырҵеит Тегеран афбатәи амуниципалитет араион иатәу Незами Гианџьеви имҩаҿы иҟоу аллеиа Голестан. 25.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-25T18:21+0300
2021-11-25T18:21+0300
2021-11-25T18:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/19/1036480876_0:234:2731:1770_1920x0_80_0_0_f9db75bf524a7101f4e32b7a394757ba.jpg
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.Иибаз иашоу ииашаму аилкааразы Ҭаниа аелектронтә еиҭагаҩ ацхыраарала тегерантәи ақалақьтә еидгыла асаит аҿы еиликааит Тегеран афбатәи амуниципалитет араион иатәу Незами Гианџьеви имҩаҿы иҟоу аллеиа Голестан уажәшьҭарнахыс Аԥсны шахьыӡхо. Ари афакт Ҭаниа тегерантәи амчрақәа рганахьала аиҩызаратә ҟазшьа амоуп ҳәа ахиҳәааит, аха Иран Аԥсны азханаҵоит ҳәа макьаназ аҳәара заауп иҳәеит. "Ҳара макьана амҩа ду ҳанысроуп Иран аиҳабыреи ажәлари ҳареи ҳаизыҟазаашьа арӷәӷәараҿы. Аха иагьа ус акәзаргьы, ари аус Кавказ ажәларқәа, хаҭала ҳара аҳаҭыр, апату шҳақәырҵо аанарԥшуеит. Иара убасгьы ишьақәнарӷәӷәоит азеиԥш ҭоурых шҳамаз, иахьагьы ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара шаҭаху ҳнарбоит", - иҳәоит Ҭаниа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит, Ирани Аԥсни аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы 2012 шықәса раахыс аусурақәа шцо.Раԥхьаӡа иҟаҵатәу ҳәа Ҭаниа иазгәеиҭаз Иран ауааԥсыра Аԥсны аӡбахә дырҳароуп, амҩақәа руак ахьӡ аԥсахра ари аус аҿы лагала бзиоуп ҳәа ахиҳәааит."Ари ахҭыс ҳхы иархәаны ирантәи анапхгара аҽрымадара ахәҭоуп. Агәра згоит ҳдипломатцәа ус ишыҟарҵо", - иҳәеит иара.Кан Ҭаниа игәаанагарала, ари аҩыза ашьаҿа аԥсуаа иҟарҵар алшоит, ирантәи ахҭнықалақь ма ақалақьқәеи руак рыхьӡқәа Аԥсны амҩақәа ирхырҵар ҟалоит, аха уи аԥхьа ари азҵаара аҵарауаа иҭҵааны ахҳәаа арҭароуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20210304/Asni-Irani-akhaakhra-ekonomikat-eizyazaashaa-dyrialoit-1031950379.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/19/1036480876_29:0:2700:2003_1920x0_80_0_0_da204dea0c46d504bc46324ab87c231e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит
Аԥсны ахьӡ ахырҵеит Тегеран афбатәи амуниципалитет араион иатәу Незами Гианџьеви имҩаҿы иҟоу аллеиа Голестан.
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.
"Twitter аҿы уаажәларратә усзуҩык идаҟьа снапы аҵаҩуп. Иара Мрагылара Ааигәа, Иран назлоу аҭагылазаашьа хылаԥшра аиҭоит. Идаҟьаҿы избеит тегерантәи ақалақьтә еидгыла амҩаду Валиасар Кавказ ареспубликақәеи ақалақьқәеи рыхьӡ ала ишырыԥсахыз. Уброуп иахьызбаз Аԥсны ахьыӡгьы", - иҩуеит Ҭаниа.
Иибаз иашоу ииашаму аилкааразы Ҭаниа аелектронтә еиҭагаҩ ацхыраарала тегерантәи ақалақьтә еидгыла асаит аҿы еиликааит Тегеран афбатәи амуниципалитет араион иатәу Незами Гианџьеви имҩаҿы иҟоу аллеиа Голестан уажәшьҭарнахыс Аԥсны шахьыӡхо.
Ари афакт Ҭаниа тегерантәи амчрақәа рганахьала аиҩызаратә ҟазшьа амоуп ҳәа ахиҳәааит, аха Иран Аԥсны азханаҵоит ҳәа макьаназ аҳәара заауп иҳәеит.
"Ҳара макьана амҩа ду ҳанысроуп Иран аиҳабыреи ажәлари ҳареи ҳаизыҟазаашьа арӷәӷәараҿы. Аха иагьа ус акәзаргьы, ари аус Кавказ ажәларқәа, хаҭала ҳара аҳаҭыр, апату шҳақәырҵо аанарԥшуеит. Иара убасгьы ишьақәнарӷәӷәоит азеиԥш ҭоурых шҳамаз, иахьагьы ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара шаҭаху ҳнарбоит", - иҳәоит Ҭаниа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит, Ирани Аԥсни аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы 2012 шықәса раахыс аусурақәа шцо.
Раԥхьаӡа иҟаҵатәу ҳәа Ҭаниа иазгәеиҭаз Иран ауааԥсыра Аԥсны аӡбахә дырҳароуп, амҩақәа руак ахьӡ аԥсахра ари аус аҿы лагала бзиоуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ари ахҭыс ҳхы иархәаны ирантәи анапхгара аҽрымадара ахәҭоуп. Агәра згоит ҳдипломатцәа ус ишыҟарҵо", - иҳәеит иара.
Кан Ҭаниа игәаанагарала, ари аҩыза ашьаҿа аԥсуаа иҟарҵар алшоит, ирантәи ахҭнықалақь ма ақалақьқәеи руак рыхьӡқәа Аԥсны амҩақәа ирхырҵар ҟалоит, аха уи аԥхьа ари азҵаара аҵарауаа иҭҵааны ахҳәаа арҭароуп.