Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ааха зауз "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ Москва аоперациа изыҟарҵараны иҟоуп

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперация по лечению аритмии с использованием метода криоаблации
Операция по лечению аритмии с использованием метода криоаблации - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ Геннади Коф-оӷлы ааха иоуит Дәрыԥшь ақыҭан мызкы аԥхьа атрансформатор аҿы иҟалаз аԥхасҭа аҭыԥ ианықәиҵоз.
АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ, аелектрик-амонтиор Геннади Коф-оӷлы Дәрыԥшь ақыҭан атрансформатор иахьыз аԥхасҭа аҭыԥ ишықәиҵоз дкаҳан, ихәдаџьал абаҩԥҵәа аиуит, убри азы аоперациа изыҟарҵараны иҟоуп москватәи ахәшәтәырҭаҿы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Коф-оӷлы ихаҭа.
Геннади Коф-оӷлы уажәы Аҟәа ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп, иахьа-уаҵәы Москваҟа дыиаргоит ҳәа дыԥшуп.
"Сара с-Дәрыԥшьтәуп. Мызкы аԥхьа дәрыԥшьтәи астанциа маҷ аҟынтәи исзасит афабрика иахьаҵанакуа алашара ыҟам ҳәа. Атрансформатор санахәаԥш, избеит уа афымцалашара шыҟамыз. Иагыз-иабзаз ҟасҵеит, аха алашара усгьы иҟамлеит. Нас ҩаԥхьа иаҿаҳхын, ҳус иацаҳҵеит. Ԥшь-трансформаторк ҳархысны ахәбатәи аҟны ҳнеит. Мардуанла схалеит хыхьынтәи иасыркырц азы, аха сықәҵәраан, скаҳаит, снапы афымцеихшарҭа иаахеит, убасҟан 10000 Вольт афымца сысит", - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Замена трансформатора на подстанции села Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2020
Дәрыԥшь ақыҭантәи астанциа маҷ аҿы атрансформатор ҿыц ықәдыргылеит
Коф-оӷлы иажәақәа рыла, иаразнак ахәшәтәырҭахь днаргеит, ихәдаџьал абаҩԥҵәа шаиуз еилыркааит. Ицәеижь абылрақәа мызкы аӷьара иаҿын. Дызхәшәтәуаз аҳақьым Аԥсны агәабзиарахьчара аминистррахь ддәықәиҵан, уа аоперациа ахә шахыршәаауа дақәдыргәыӷит.
Коф-оӷлы иазгәеиҭеит иара "Амшынеиқәафымцамч" аҿы жәашықәса аус шиухьоу, аха уантәи цхыраара ҳәа акгьы имоуцт.

"Иҟалаз уара иухароуп ҳәа сарҳәеит, ухьӡ захьӡу ҳусбарҭаҿы аус иуӡом, уҳаздырӡом рҳәеит. Сышԥарзымдыруа?! Есышықәса аԥышәарақәа ҳархысуеит. Официалла жәашықәса ҵуеит аус зуеижьҭеи", - иҳәеит аелектрик.

"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит русбарҭа иҟалаз аӡбахә шраҳахьоу, агәаҭарақәа шымҩаԥырго. Мышқәак ирылагӡаны иақәнагоу аӡбамҭа рыдыркылараны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0