Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа Аҟәа ахатә ҟазарҭаҟны еиҿкаау ацәыргақәҵазы: ҳзаангылаӡом, аамҭа ҳҽақәҳаршәароуп

Џьапуа Аҟәа ахатә ҟазарҭаҟны еиҿкаау ацәыргақәҵазы: ҳзаангылаӡом, аамҭа ҳҽақәҳаршәароуп
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа еиҭеиҳәеит Аҟәа ахатә ҟазарҭаҟны имҩаԥысуа ацәыргақәҵа шеиҿкаау, иӡыргоу аусумҭақәа знеишьас ирырҭаз атәы.
Аҟәа аформат Open Studio ала абҵара 26 рзы иаатит асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Диана Хынҭәԥҳа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь инагоуп уаанӡа ахәаԥшҩы идгаламыз арҿиамҭақәа. Ҳаамҭа иақәшәо ацәыргақәаҵа иҷыдоу аԥҟарақәа рыла еиҿкаауп.
"Аҭагылазаашьа ҳакәша-мыкәша иҟоу жәдыруеит. Асахьаҭыхҩы ихы иаирхәо ацәыргақәҵатә залқәа, амузеиқәа зегьы аркуп. Уи азы ҳа ҳзаангылаӡом. Ҳара ҳус ҟаҳҵалароуп, ҳҭыхлоит, аусумҭа ҿыцқәа цәырҵуеит, ауаа ирбалароуп. Ҳаргьы абас инкнаҳаны (аусумҭақәа) ҳнаскьаны ҳрыхәаԥшыроуп. Ус ауп аԥсҭазаара шыҟоу", - иҳәеит Џьапуа.
Иара иазгәеиҭеит апандемиа аамҭазы ачымазара бааԥс уацәшәаны акультура ахәаҽра иашам ҳәа шиԥхьаӡо, "ашәарҭареи ацәыӡи еибакапанлароуп" ҳәа.
"Знеишьас иҳамоу - ҳхы еиқәҳархоит, ҳҩызцәа еиқәҳархоит аҟазара иаргәаҟуа. Егьыс хаҵарас иԥхьаӡоу аԥсуаа рҟны аамҭа зҽақәзыршәаз роуп. Иахьа аамҭа ус иҟазар, ҳҽақәҳаршәароуп. Иҟоуп ус еиԥш алшарақәа. Ҳара ҳамч хәыҷқәа еидҵаны иҳалшазар, аҳәынҭқарра аҟазара аганахьала изалымшо ауп исзеилымкаауа, ара апроблема збаӡом. Ас ухы мҩаԥыумгар иуцәыӡуеит. Аҟазара мышкы-ҩымш рыла ишьақәгыло акәӡам. Иахьа асахьаҭыхҩы, артист, ашәҟәыҩҩы игәы ахшәаны аусура данаҟәыҵ, ишьҭамҭа аӡәы дхыланы дықәларц азы ажәашықәсақәагьы аназымхо ыҟоуп. Аҟазараҟны ааӡара ауаҩы иахьынтә ауаҩ иахь ауп ишцо",- иҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0