Путин: Урыстәыла НАТО мрагыларахь аҽарҭбаара алнаршом

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Анапаҵаҩра
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Германиа аиадертә бџьар мап ацәнакыр Европа аҽа тәылак ахь инагахар ҟалоит, Германиа мрагыларахьтәи агангьы налаҵаны ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Урыстәылеи апартниорцәеи НАТО мрагыларахь аҽарҭбаара алдыршом ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ацҳаражәҳәаҩцәа агәраргагатә ҳаҭыршәҟәқәа рыҭара ацеремониаҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Адәныҟатәи аусқәа рҟны сықәгылараан иазгәасҭеит ҳдипломатиа иахьа идҵа хаданы иамоу Урыстәылаз акраамҭатәи ашәарҭадаратә хәдықәҵара аиҿкаароуп ҳәа. ЕААи уи адгылаҩцәеи ҳареи ҳаицәажәарақәа раан НАТО Мрагылараҟа аҽырҭбаареи Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра ааигәара ашәарҭара зҵоу абџьар ақәыргылареи алызмыршаша аиқәшаҳаҭрақәа аԥаҳҵароуп ", - иҳәеит Путин.
Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәыла агәҭынчымра ҽмырба шазыруа. Путин иҳәеит мраҭашәаратәи рколлегацәа ҿырҳәалатәи рхыдҵақәа шамахамзар ишынармыгӡо убри азы азиншьаҭа змоу аҭакԥхықәрақәа ирыҵагылар шакәу.
Президент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии Министерства иностранных дел - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла НАТО ашьаҿақәа рҭак шанаҭо азы
Ажәабжьқәа зегьы
0