2012 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Шәача быжь-баллк иҟаз амшынцәқәырԥара азгәаҭан

© Sputnik / Олег Смеречинский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в Сочи
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Быжь-баллк иҟаз амшынцәқәырԥара 2012 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Шәача иазгәаҭан, абри азы адырра ҟанаҵоит RT ақалақь апресс-маҵзура аҳәамҭа аҵаҵӷәала.
Международный аэропорт Сочи в Адлере - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Шәача аԥшацәгьеи адыдмацәыси ирыхҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит
Апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит ҩымшуп амшын асеиԥш ицәқәырԥоижьҭеи.
Аиҳарак ааха роуит Имеретиатәи алаҟәыреи Лазаревсктәи араиони. Свирски амшынҟәара аҿы ахьчага еибаркыра рбгоуп.
Абҵара 30 раахыс Шәача амшцәгьа рылаҳәан. Аҳауагәаҭыҩцәа ражәақәа рыла, ԥхынҷкәын 3 рзы амшын еиқәтәароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0