Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Лазба иҳәеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аусура аиҭарҿыцразы игәҭакқәа ртәы

Лазба Sputnik Аԥсны ахь ихынҳәразы: зынӡагьы иаанысмыжьысшәа ауп сшыҟоу
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи амультимедиатә аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны апресс-центр анапхгаҩ ҿыц Инал Лазба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит апресс-центр аусура ашьақәыргылараҟны раԥхьатәи ишьаҿақәа ртәы.
Инал Лазба аиҿцәажәараан иазгәеиҭеит 2016 шықәсазы Sputnik Аԥсны аҟны иусура анаанижьуази иахьеи аиԥшымзаара шыҟоу. Лазба иажәақәа рыла, Sputnik иахьа зымҽхак ҭбаау Аԥсны еицырдыруа аинформациатә маҵзуроуп.

"Апрес-центр аус ауеижьҭеи акрааҵуан, алҵшәақәагьы ыҟан, аха COVID иахҟьаны аусура аанкылан. Уажәы иалыршахар, апресс-центр аусура ҳарҭбаар ҳҭахуп. Атәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа иаартны ажурналистцәа ирацәажәаларц, уи ҳара иҳацхраауеит, ҳаргьы уи ҳазыхиоуп. Урыстәылеи ҳареи ҳаимадараҿы ателемостқәа, авидеоформатқәа аиҿкаара ҳалшоит. Аԥсни Урыстәылеи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура азгәаҭоуп, ҳазлацәажәаша рацәоуп еиуеиԥшым аекспертцәа алархәны. Апресс-центр аартуп зегьы рзы", - иҳәеит Лазба.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0