Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра амшынцәқәырԥара иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра амшынеисра иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Ахра Барцыц арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшынцәқәырԥара ӷәӷәа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Абҵара 30 ԥхынҷкәын 1 ауха Аԥсны амшын иаԥну ахәҭаҟны аԥшатлакәи амшынцәқәырԥареи асуан.
"Аӡы аус хҳаркәшеит, атрансформаторқәа ҳарбеит, ауаа аӡы роуратә иҟаҳҵеит. Еиҳарак ԥырхага ахьҳауз амшын аҟәараҿоуп. Агәам-сам, аԥслымӡ уҳәа иааганы ықәнамыжьыз ҳәа акгьы ыҟам. Макьана ҳара ҳамчқәа рыла ҳаҿуп арыцқьара, аха еиҭа ацхыраара ҳҭахуп. Афинансла ацхыраара ҳаур, анаҩс еиҭа аусуразы ауаа радыԥхьалара ҳалшоит. 12 километр амшын аҟәара арыцқьара 40-ҩык аусбарҭа аусзуҩцәа рыла мацара иалшаӡом. Ирыцқьаҭәны иҳамоуп амҩадугьы, аевкалиптқәа ирыцрыҵыз агәам даара ирацәоуп, аҵлақәа ахькаҳаз ҟалеит. Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵоит, аха макьана аусутә рацәоуп", - еиҭеиҳәеит Барцыц.
Ажәабжьқәа зегьы
0