Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ҩыџьа аҳәса атәыла анапхгара раҳаҭыр ладырҟәуан ҳәа ашьаус хацыркуп

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Лолита Ҳалуашьԥҳа, Анжела Бранӡиаԥҳа, иара убас идырым шьоукы рганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 321 "Атәыла анапхгара раҳаҭыр аларҟәра" ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы.
Абри атәы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа данырԥылоз иреиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 3 рзы, уахь ааԥхьара рыҭан азинхьчаҩцәа иҟалаз аҭагылазаашьа реилдыркаарц азы: иҟалаз, шыҟалаз, изхароу рарҳәарц.

Ашьаусԥшаара агәаанагарала, Ҳалуашьԥҳаи Бранӡиаԥҳаи асоциалтә ҳақәа рҟны даҽа хьыӡқәак рыла рҽаҵаҩны анонимтә даҟьақәа рҟынтәи атәыла анапхгараҿ иҟоу ауаа раҳаҭыр лазырҟәуаз анҵамҭақәа ҟарҵон.

Апрокурор ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала, азинхьчаҩцәа агәҩара ззыҟоу аҳәса рыҩџьагьы рыҩнқәа ирыҩналаны иҟаз гәарҭеит, ашьаусԥшаараҿы ирыхәашаз арҵабыргыгақәа рымырхит. Аԥшаарақәа мҩаԥыргон ҩ-ҭыӡҭыԥк рҿы - аҳҭнықалақь агәани Аҳабла ҿыц аҿи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа алархәны. Аҩбатәи аҭыӡҭыԥ аҿы агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз, ауаҭах аҿы ахысра ҟалеит. Ихысыз дазусҭоу шьақәыргылоуп.
"Абыржәтәи аамҭазы Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы ишьҭоуп ихысыз атәылауаҩ Қаџьаиа иганахьала агәаҭаратә материалқәа. Имҩаԥыргоит иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз аҭагылазаашьақәа, хара имгакәа иара ихымҩаԥгашьа ашьаус-зинтә хәшьара аиуеит, уи иганахьала ашьаус ахацыркра азҵаарагьы ӡбахоит", - иҳәеит Ҭраԥшь.

Апарламент адепутатцәа апрокуратура аусзуҩцәа ирарҳәеит ауаҭах аҿы иҟалаз ахысра ишақәнагоу обиективла иҭырҵаарц.
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аминистррақәак рхадацәа рхаҭыԥуаа рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0