Саудтәи Аравиаҟа алаҵа "Спутник V" злоу ауаа цар ҟалоит

© AP Photo Amr NabilМусульманский паломник кормит голубей возле Большой мечети в Мекке, Саудовская Аравия
Мусульманский паломник кормит голубей возле Большой мечети в Мекке, Саудовская Аравия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Анапаҵаҩра
Алаҵа "Спутник V" злоу ауаа 102 тәыла рахь ацара азин рымоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Саудтәи Аравиаҟа 2022 шықәса ишналагаз инаркны алаҵа "Спутник V" злоу ауаа цар ҟалоит, аха аԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит акралра аԥҟара шьақәзыргыло аусбарҭақәа ҳәа аанацҳауеит РФПИ.
"Алаҵа "Спутник V" злоу ауаа ацара азин ахьрымоу атәылақәа 102 ирхыԥхьаӡалахеит Саудтәи Аравиагьы", - аҳәоит адырраҭара.
Убри аан Саудтәи Аравиаҟа ианнеилак, 48 сааҭ акарантин аҿы иҟазароуп, иара убас ПЦР-тест арҭароуп.
Алаҵа "Спутник V" злоу ауаа Саудтәи Аравиаҟа инеиразы азин рыҭара иалнаршоит Меккеи Мединеи ақалақьқәа рҿы иҟоу аԥсылманра аҭыԥ ԥшьақәа рахь хаџьра ҳәа анеира.
Ажәабжьқәа зегьы
0