Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аҭаларазы Аԥсны абитуриентцәа алхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Отбор на поступление в театральный институт Щепкина в РУСДРАМе
Отбор на поступление в театральный институт Щепкина в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ ицәырнагеит Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аҭаларазы Аҟәа имҩаԥысуаз аԥышәарақәа раан иалырхыз 15-ҩык абитуриентцәа рыхьыӡқәа. Урҭ рахьтә ԥшьҩык ҭыԥҳацәоуп, 11-ҩык арԥарцәоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳау атеатртә ҵараиурҭа азанааҭ "Актиортә ҟазара" ахь аҭаларазы Аҟәа иалырхит 15-ҩык абитуриентцәа. Абри атәы аарыцҳауеит РУСДРАМ асаит аҿы.
Абитуриентцәа ралԥшаара мҩаԥысуан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски напхгара зиҭоз адкыларатә комиссиа аҿаԥхьа изхысуаз аԥышәарақәа рылҵшәақәа рыла. Аԥышәарақәа мҩаԥысуан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 2 инаркны. Аԥсуа абитуриентцәа рдыррақәа ргәаҭаразы Аԥсныҟа хықәкыла иааит аԥышәа змоу урыстәылатәи арҵаҩцәа.
Аԥышәарақәа ирхысит ԥшьҩык аҭыԥҳацәеи 11-ҩык арԥарцәеи: Асҭан Агрба, Александр Габлиа, Иракли Делба, Асҭан Џьынџьал, Данил Џьынџьал, Руслан Иванов, Лана Лашәриаԥҳа, Русҭана Лышәԥҳа, Амин Мазлум-оӷлы, Максим Малиа, Ариана Мамацева, Софиа Ҭарԥҳа, Артиом Ҭраԥшь, Давид Ҵулукьиа, Аманда Чепиа.
РУСДРАМ аиҳабы Иракли Хынҭәба ишиҳәаз ала, алԥшаарақәа рышьҭахь Шьепкин ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы ҷыдала аԥсуа гәыԥ аԥҵахоит.
Жорданиа еиҭеиҳәеит Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭахь аԥсуа ҿар шалырԥшаауа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Арадио
Жорданиа еиҭеиҳәеит Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭахь аԥсуа ҿар шалырԥшаауа
Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә Театр маҷ иатәу Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳау атеатртә ҵараиурҭа (аинститут) – Москва иҟоу ижәытәӡоу театртә школуп. Уи аҭоурых ахы ыҵнахуеит аимператор Александр I официалла 1809 шықәса рзы Москватәи аимператортә театртә ҵараиурҭа анышьаҭаиркыз инаркны. Ақәра дуи ибеиоу аҟазаратә биографиеи ирыбзоураны ари аинститут иахьатәи аамҭазы ҩышә шықәса раахыс аԥышәа еиззырҳауа, асахьаркыратә традициа ӷәӷәақәа змоу иуникалтәу ҵараиурҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0