Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥлиа иҳәеит Клименти Џьынџьал еиԥш зус иазҟазаз ауаа шизымдыруа

Ԥлиа Клименти Џьынџьал изы: даара аԥсҭазаараҿы дԥысшәахьан, цәгьала сиқәгәыӷуан
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Давид Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит зыԥсҭазаара иалҵыз Иреиҳаӡоу асовет депутатс иҟаз Клименти Џьынџьал еиԥш инапы ианыз аус иахаҵгыло ауаа шизымдыруа.
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иазааԥсахьаз, ақырҭқәа рҿагылара ахьаҭахыз азҵаарақәа рҿы агәаӷь зызҭаз, ауаажәларратә усзуҩы Иреиҳаӡоу асовет депутатс иҟаз Клименти Џьынџьал.
"Аиҩызара ҳабжьаҳҵеижьҭеи 40 шықәса ирыцны аамҭа цахьеит. Даара аԥсҭазаараҿы дԥысшәахьан, цәгьала сиқәгәыӷуан. Иани иаби рҟынтә иааигаз адоуҳа ду, ажәлар пату рықәҵара иара ишныҟәигоз иааџьоушьартә иҟан. Бзиа иибаз ауаҩы иԥсы ихҭниҵон. Иахьа ҩнуҵҟала зегьы гәҭыхыс иҳамоу аҳәынҭқарратә зҵаарақәа иара цәгьала игәнигон. Ас аҳәынҭқарра ҳзыргылом, џьара ак ҟаҵатәуп, акы ахы ҳкыроуп, мамзар ҳаԥсҭазаара иҵегьы еицәахоит ҳәа иҳәон. 60 шықәса анихыҵ иусура аанижьит, шьҭа тәанчара сцароуп ҳәа ҳәаны, ус згәыӷьуа маҷуп. Иара цәгьала аҭаацәа ԥшӡа еиҿикааит, аӡӷабцәа аҵара ду дирҵеит, ажәлар игәазырҳаганы ирылагылоуп", - азгәеиҭеит Ԥлиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0