Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Игор Адлеиба ареитингтә еиндаҭлара мҩаԥигоит Екатеринбург

© Foto / allfightИгорь Адлейба
Игорь Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2021
Анапаҵаҩра
Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, изныкымкәа Аԥсны ачемпион, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы иаиааихьоу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абоксер Игор Адлеиба ареитингтә еиндаҭлара мҩаԥигоит Екатеринбург ԥхынҷкәын 11 азы, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен именеџьер Артур Адлеиба.
"Хымԥада, ҳара даҽа гәтакқәак ҳаман, Игор ԥхынҷкәын 8 азы Гәыбаадәы Даӷьысҭантәи аспортсмен Георги Челохсаев диндаҭлараны дыҟан, аха апандемиа иахырҟьаны ақәгылара ажьырныҳәамза 8 ахь ииаган, аха уигь рыԥсахит. Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор идҵала ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа аанкылоуп ажьырныҳәа 20 рҟынӡа", - иҳәеит иара.
Игорь Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Арадио
Адлеиба аспорт аҟны дызхысыз азы: иахьа сызлаҟоу ала сҟанаҵеит
Игор дықәымгылеижьҭеи акрааҵуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы знык аринг ахь днеит. Уажәы апромоутертә еилахәыра Украинатәи аспортсмен Асиф Керимов дицықәгыларц иднагалеит.
"Ари аспортсмен ҳидымнагалацт. Игор иаасҭа дыԥсыҽуп узҳәом. Игор ԥхынҷкәын 8 азы Даӷьысҭантәи аспортсмен Георги Челохсаев диндаҭлараны дыҟан. Иҽазыҟаиҵон. Аҽа программак аус адиуылон. Мчыбжьык ала аҽеиҭакра уадаҩуп. Икапан иагирхароуп. Ари уадаҩуп аха Игор илшо ҟиаҵоит", - иҳәеит аспортсмен именеџьер.
Ари аиндаҭлара аԥсуа боксер изы ижәиԥшьтәиуп апрофессионалтә ринг аҿы.
Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, изныкымкәа Аԥсны ачемпион, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы даиааихьеит, акикбоксинг азы адунеи Ахраҿа занашьоу, Аԥсны абокс азы аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат.
Ажәабжьқәа зегьы
0