Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаҭатәи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ акәша-мыкәша дрыцқьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДень памяти жертв Латской трагедии
День памяти жертв Латской трагедии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2021
Анапаҵаҩра
Амшцәгьақәа ирыхҟьаны Лаҭатәи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы игылоу абаҟеи ауахәамеи аӡы рыҵалеит, аӡымҭҟьар леит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Лаҭатәи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ акәша-мыкәша дрыцқьоит ԥхынҷкәын 14-нӡа ҳәа рҳәеит Аԥсны акультура аминистрраҟны.
Амшцәгьақәа ирыхҟьаны Лаҭатәи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы игылоу абаҟеи ауахәамеи зышьҭра зыԥсахыз аӡиас рыҵалеит, аӡымҭҟьар леит. Иҭахаз рыуацәа агәаларшәагатә баҟа ашьаҭа дырӷәӷәеит.
Лаҭаҟа инарышьҭит атехника ҷыда амемориал аҵакыра арыцқьаразы. Уи адагьы аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥгатәуп.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб инапынҵала аҭыԥ ахь инеит акультура аминистр, "Аԥсныҟәарахьчара" аҟазауаа, аманументалтә ҟазаразы акомиссиа алахәылацәа.
Аҟазауаа рылкаақәа рыла, аӡышьҭра еиҭактәуп, уи ашьҭахь ауп аргыларатә усурақәа аналаршахо.
Геннади Ҵлаииа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2019
Арадио
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа Лаҭатәи атрагедиа иазкны
Аԥхьатәи аҩымш рыҩнуҵҟа иазыԥхьагәаҭоуп агәамсам ақәгара. Ахыбра ахаҿрагьы еиҿкаахоит.
Аманументалтә комиссиа аӡбарала амемориал еиҭарҿыцхоит. Аусурақәа мҩаԥысуеит иҭахаз рыуацәа ақәыршаҳаҭны.
Ажәабжьқәа зегьы
0