Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Игәырҩахҽыгахаз, ихәрарӷьагахаз: амузыкатә арҳәага ахымаа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль Апхьарца
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа музыкатә арҳәага ахымаа ацәырҵшьа шыҟалаз иазкны аматериал ҳазлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуаа наџьнатә аахыс афырхаҵара ҳаҭыр ду рзақәын. Агәымшәара, ажәлари аԥсадгьыли рыхьчаразы ахамеигӡара, иаҭаххаргьы, ахақәҵара – абарҭ реиԥш иҟоу ауаҩытәыҩса иҟазшьақәа ракәын ахаҵа изы иидеалтәуп ҳәа иԥхьаӡоу.
Аԥсадгьыл иақәлоз ирҿагыланы хацәнымырха иқәԥоз, мамзаргьы асоциалтә еиҟарамра иаҿагыланы ажәлар рымшхәбзазара иашьҭаз афырхацәа рыхьӡ кадмыршәырц, абиԥарақәа ирзынрыжьырц азы иаԥырҵон ашәақәа, аҳәамҭақәа.
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2020
Аҟазара анԥсҭазаароу: аԥхьарцеи аԥхьарцарҳәаҩцәа дуқәеи ирызкны
Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы инаунагӡахаз фырхаҵоуп Наԥҳа Кьагәа. Зыхьӡ ҳәоу афырхаҵа изкны ажәлар иаԥырҵахьеит ашәақәеи хыԥхьаӡара рацәала аҳәамҭақәеи. Иахьабалак иара иуаажәлар дрыдгылаҩуп, дреиқәырхаҩуп. Иара изкны инарыгӡо жәлар рашәақәа еиуеиԥшым амузыкатә рҳәагақәа ирыцырҳәоит: "Шарԥы-иаҵәеиԥш иҩыҵхахаз, хәылԥы иаҵәеиԥш илыҵабаз, ес-ииуа ирықәлахо Кьагәа ахаҵа!" - ҳәа.
Ажәлар идырҿиаз алегендақәа руак аҟны жәлар рмузыкатә рҳәага – ахымаа ацәырҵра Наԥҳа Кьагәа ихьӡ иадырҳәалоит.
Кьагәа ахысра дазҟазан, ус баша ихы кашәомызт. Шәарыцара ашьха дцалон. Ҽнак зны дшышәарыцоз акәымкәа, шәарахыз џьшьа иԥа диеихсуеит. Ашьха арахә зыхьчоз ахьшьцәа аԥа иԥсыбаҩ иҩныҟа илбааргоит.
Кьагәа импыҵҟьаз амашәыр хьааганы аӡәгьы диацәажәомызт, акрифомызт. Аԥсыжра аҽны машәырла зԥа дызшьыз аб маҷк иадамзаргьы игәырҩа ихаиршҭырц, насгьы ԥсыуаҵасла аб аԥа лаӷырӡыла диҵәыуомызт (хаҵаҵас игәырҩа илаигӡоит) иҷкәын даныхәыҷыз дахьыркәабоз амҿтәы лагьан аҿы аҽы ахахәыц аҿаҵаны арҳәара далагеит. Иара амҿтәы лагьан х-маак аман, убри аҟнытә Кьагәа иаирҳәаз аинструмент ахымаа ахьӡхалеит.
Аԥсуа жәлар ринструментқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2017
Аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца: аԥсуа жәлар ринструментқәа рыбжьы агашьа
Абас аира ҟалеит игәырҩахҽыгахаз, ихәрарӷьагахаз амузыкатә арҳәага ахымаа.
Ахымаа – рнапы аҿшьны иадырҳәо арахәыцтә музыкатә рҳәагоуп. Иара иаарту ашәҟәы аԥшра амоуп – 14 рахәыц рыла ишьақәгылоуп. Аҟазацәа ари аинструмент алҵла иалырхуеит.
Уажәазы ахымаа абжьы хаа уаҳауеит еиуеиԥшым жәлар рҟазаратә коллективқәа ррепертуар аҿы.
Анапҟаза идунеи: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа шаԥиҵо  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Зыда дыҟам: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа шаԥиҵо
Ажәабжьқәа зегьы
0