Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәлиа имҩа ахәҭак аркхоит ԥхынҷкәын 14 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукРаботы по укладке асфальта по ул. Гулия
Работы по укладке асфальта по ул. Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Гәлиа имҩа ахәҭак, Имам Шамиль имҩа инаркны Чачба имҩаҟынӡа иаркхоит ԥхынҷкәын 14 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Аныҟәара нкылахоит амҩаҿы ацәхыԥқәа рыҟаҵара инадҳәаланы.
Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аремонт усурақәа рҳәаа иҭагӡаны иԥсахуп акоммуникациатә ҳақәа, аӡымҩангага, ақәаршыҩцарҭақәа.
Гәлиа имҩа аура 1200 метра иҟоуп, иазоужьуп 48 миллион мааҭ, Абазақәа рымҩа аура 686 метра иҟоуп, 38 миллион мааҭ азоужьуп, Џьонуа имҩа аура 1350 метра иҟоуп, иазоужьуп 66 миллион мааҭ.
Укладка дорожного полотна - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Аԥсны
Аҟәа Абазақәа рымҩа акаҭран ақәҵара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0