Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ақалақь ахадараҿ еиҭарҳәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы иазгәаҭоу

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогодняя атмосфера в Сухуме
Новогодняя атмосфера в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха, Аҟәа аԥсаӡ хада ахьықәдыргыло Ахақәиҭра ашҭаҿы аконцерт ҟалаӡом ҳәа еиҭарҳәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы.
Иазыԥхьагәаҭоуп аконцерт ателеверсиа аҭаҩра. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 9 аҟынӡа аҵаақәшьқьрырҭа аартхоит.
Ԥхынҷкәын 25 инаркны ажьырныҳәа 10 аҟынӡа иаарту акинотеатр аҿы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы амультфильмқәа, алакәқәа, акиносахьақәа ддырбалоит.
Предновогодняя столица - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Аԥсны
Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 20 инаркны
Сааҭк еиҳамкәа заамҭа ыҟоу аныҳәатә шьыжьеиҿкаарақәа Аҟәа араионқәа рҿы иддырбалоит ԥхынҷкәын 25-30 рзы. Ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы аныҳәақәа дара аусбарҭақәа рҿы еиҿкаахоит.
Аҟәа ахада Беслан Ешба иҳәеит ауаарацәа еидызкыло ауснагӡатәқәа азыԥхьагәаҭаӡам ҳәа. Абжьаратә классқәа рҵаҩцәа рзы аԥсаӡқәа рҿы еиҿкаахоит флешмобқәа.
Ешба иҳәеит зехьынџьара асанитартә ԥҟарақәа иқәныҟәалатәуп ҳәа.
Беслан Ешба иазгәеиҭеит араионтә ҩынусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи русзуҩцәеи ауаа ршәарҭадара ахылаԥшра арҭароуп ҳәа.
Имҩаԥгахоит аныҳәатә феиерверк.
Ԥхынҷкәын 20 рзы иазырхиахоит ахәаахәҭратә павильонқәа. Анаплакыҩцәа ргәы рҽанҵоуп асанитар-епидемиологиатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Ԥхынҷкәын 31 асааҭ 22.00 рҟынӡа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада аус ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0