Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷԥҳа Искандер ирҿиара иазкны Берлин еиҿкааз ахәылԥаз азы: аҵакы дууп Аԥсны аӡыргараҿы

Амҷԥҳа Искандер ирҿиара иазкны Берлин еиҿкааз ахәылԥаз азы: аҵакы дууп Аԥсны аӡыргаразы
Анапаҵаҩра
Германиа Виноградов игалереиа аҟны ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысит Фазиль Искандер ихәылԥаз. Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа, авидеонҵамҭақәа, еиуеиԥшым афактқәа рылацәажәара уҳәа ахәылԥаз шышақәгылаз атәы еиҭалҳәеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аиԥш зеиԥшу алекциақәа рыԥхьара шьҭа итрадицахеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭаранкразы ҳәа азгәалҭеит лцәажәараҟны Хьыбла Амҷԥҳа.
"Арҭ ашықәсқәа рзы алекциақәа рацәаны срыԥхьахьеит еиуеиԥшым Германиатәи аиҿкаарақәа рҟны, ари атәылаҿы иҟоу аурыс еиҿкаарақәа рҟны. Ҳахәылԥаз еиҿкаан урысшәала изыҩуа ашәҟәыҩҩцәа Германиатәи реидгыла ааԥхьарала, иара убас ацхыраа ҟанаҵеит ԥасатәи Асовет еидгыла иалҵыз аџьынџьуаа Ркоординациатә хеилак ( уи саргьы салахәуп), убасгьы "Россторудничество" Берлинтәи ахаҭарнакра. Арҭқәа зегьы рымчала. Ҳәарада, сара сзы ҭакԥхықәра дууп Фазиль еиԥш иҟоу ашәҟыҩҩ ду ирҿиара лацәажәара. Ари ҩынтәуп искандер изкны алекциақәа апрезентациақәа Берлин срыԥхьоижьҭеи", - лҳәеит Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны.
Лара иазгәалҭеит хықәкыс ишлымаз Искандер ирҿиамҭақәа Аԥсны иадҳәаланы раарԥшра.
Аицәажәара иаҳа инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0