Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа Гәымсҭатәи ацҳа аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Гумистинский мост
Гумистинский мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Ааигәа асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәеит Гәымсҭатәи ацҳа уашәшәыроуп ҳәа. Ари ихадоу ацҳа еимнадоит Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи аҳҭнықалақьи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәымсҭатәи ацҳа уашәшәыроуп ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәаз аинформациа ахҳәаа аиҭеит, Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
"Асоциалтә ҳақәа рҿы иарбоу афотосахьа мышқәак раԥхьа иҭыхын, аха ацҳа ари аҩыза аҭагылазаашьа 1994 шықәса раахыс иҟоуп. Усҟан ари ахыӷәра ҟаҵан Ешыра аганахь ала аҭӡы аҭарҭәаразы", - иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Гәымсҭатәи ацҳа

Гәымсҭатәи ацҳа - Sputnik Аҧсны
1/3

Гәымсҭатәи ацҳа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Гәымсҭатәи ацҳа

Гәымсҭатәи ацҳа  - Sputnik Аҧсны
2/3

Гәымсҭатәи ацҳа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Гәымсҭатәи ацҳа

Гәымсҭатәи ацҳа - Sputnik Аҧсны
3/3

Гәымсҭатәи ацҳа

1/3

Гәымсҭатәи ацҳа

2/3

Гәымсҭатәи ацҳа

3/3

Гәымсҭатәи ацҳа

Агрба иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы ацҳа Ешыреи Аҟәеи рганқәа рыла ишыԥжәаз.
"Ахыӷәра шыҟац иааныжьын. Уажәы ацҳа ҿыц апроект иахьаҿу азы наҟ-ааҟ ирыцқьан, ахыӷәра ааԥшит, уи аҵаҟантә иубарҭоуп. Иахьа, ацҳа аҭагылазаашьаз асовет аамҭазы "Мостострой" аус зуаз аҟазацәа срацәажәон, дара ражәақәа рыла, ацҳа уашәшәыроуп ҳәа азгәарҭахьан 1982 шықәсазгьы", - иҳәеит аиҳабы.
Иааиуа амчыбжь азы иҷыдоу ахархәагақәа рыманы аҟазауаа аараны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.
"Аҳәара ҟаҳҵеит ахархәага ҷыда - алазертә дрон рыманы иаарц, ацҳа ахархәаразы абжьгарақәа ҳарҭарц. Иҟалап асветофор ықәҳаргылар, амҩасра ареверсивтә ҟьазшьа аҳҭар, ма аидарамҩангагақәа аамҭак ала риасра аанаҳкылар", - иҳәеит иара.
Иҟоу ацҳа аиҭашьақәыргылара залшом, аҿыц хҵахаанӡа, Алада Ешыра ала амҩа цҵагьы уашәшәыроуп иҳәеит Агрба.
"2016 шықәсазы Аинвестпрограммаҿ иарбан ацҳа ҿыц апроект. Аха апроект анџьныртә ҭҵаарақәа рыҩаӡарала иаанкылан. Иааиуа амчыбжь азы анардадаҩцәа аараны иҟоуп апроекттә шҟәқәа рыманы. Аныҳәақәа рышьҭахь уи аекспертиза ахысразы Урыстәылаҟа ишьҭхоит", - иҳәеит иара.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ацҳа ахҵара хацыркхоит 2023 шықәсазы. Аура 280 метра ҟалоит. Иахьатәи ацҳа иаҟәыгахоит 70 метра рҟынӡа набжьаны. Аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь иахьатәи ацҳа аиҭашьақәыргылараз иаркхоит.
Гәымсҭатәи ацҳа ргылан 1940-тәи ашықәсқәа рзы. Аԥсны ареспубликатә мҩаду хада 80 рҟынӡа цҳа хуп.
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Озган анапынҵа ҟалҵеит Гәымсҭа аӡиас ацҳа ахҵаразы апроект аус адыруларц
Ажәабжьқәа зегьы
0