Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Беииаԥҳа еиҭалҳәеит Лаҭа иҭархаз ргәалашәаразы Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы

Беииаԥҳа еиҭалҳәеит Лаҭа иҭархаз ргәалашәаразы Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беииаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭа иҭархаз ргәалашәара амш шеиҿкаахо аҳҭнықалақь аҟны.
Иахьа ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии еицымҩаԥыргоит Лаҭатәи атрагедиа аан иҭархаз ргәалашәара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа.
"Акциа ҳалагоит асааҭ 16:27 рзы. Ари аамҭазы ауп авертолиот Тҟәарчал ианыҵԥрааз. Ацәашьқәа аҳаркоит аекспозициа ахьыҟоу амузеи аҩныҵаҟа, урҭ ҳаманы ҳдәылҵуеит Ахьӡ-аԥша апарк ахь. Иаҳаркуеит 87 цәашьы иҭахаз зегьы рыхьӡала акака. Ари аусмҩаԥгатә аан "Ареквием" Моцарт иаԥҵамҭа аҳәалоит. Аҿымҭара аминуҭ ашьҭахь ари амш иазку ажәеинраалақәа, ашәақәа галоит амузеи аҟны", - лҳәеит Беииаԥҳа.
Аплатформа "Гәыма" аҟны Лаҭатәи атрагедиа иазку Есма Џьыкырԥҳа авторс дызмоу афильм дырбахоит ахәылбыҽха асааҭ фба рыбжазы, лҳәеит Мзиа Беииаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0